Абҵарамза 14 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрраҿы адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц диԥылеит Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрра анапынҵа ҷыдақәа змоу ацҳаражәҳәаҩ Вито Гриттани. Аиԥылара рхы аладырхәит Урыстәылатәи Афедерациа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Кан Ҭаниеи Вито Гриттани иԥшәмаԥҳәыс Камелиа Дарина-Попи.
Олег Барцыц иазгәеиҭеит, 2016 шықәса раахыс Вито Гриттани иусура аҳәаанырцә, ҷыдала Европа, Аԥсны аӡыргара, ахаҿсахьа бзиа аԥҵара ишазкыз. Аминистр иазгәеиҭеит Бари ақалақь аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра адипломатиатә Хаҭарнакра аартреи, европатәи аҭыжьымҭақәа рҿы Аԥсны зегь реиҳа хра зманы иҟоу аган ала иаазырԥшуа акьыԥхьымҭақәеи реиԥш иҟоу ашьаҿақәа рынагӡара шалыршахаз.
Вито Гриттани, аминистр дахьидикылаз ҭабуп ҳәа ахҳәаауа, Италиа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра адипломатиатә Хаҭарнакра имҩаԥнаго аусурақәеи уи аҿаԥхьа иқәгылоу ауадаҩрақәеи дрылацәажәеит. Ацҳаражәҳәаҩ инаҵшьны иазгәеиҭеит, адипломатиатә Хаҭарнакра адипломатиатә Миссиа афункциақәа шынанагӡо, аполитикатә мчқәеи иареи реизыҟазаашьақәа шышьақәнаргыло, иара убасгьы Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа ацхыраара рыҭо аконсултә функциақәагьы шынанагӡо. Вито Гриттани Олег Барцыц ааԥхьара ииҭеит Италиа, ҷыдала, Аԥсны адипломатиатә Хаҭарнакра ахьыҟоу ақалақь Бари даҭаарц.
Олег Барцыц, Вито Гриттани иҟаиҵаз ааԥхьаразы ҭабуп ҳәа ахҳәааны, идикылеит. Адәныҟатәи аусқәа рминистр иазгәеиҭеит: «Ҳара ҳусураҿы хра злоу апринципқәа напхгаганы ҳхы иаҳархәоит. Ҳара ҳазхиоуп ҳгәаанагара, ҳпозициа, ҳиаша иахьынӡазалшо аилкаара рҭахны иахьыҟоу аҭыԥ аҿы алацәажәара. Ҳгәы иаанагоит акырӡа аҵанакуеит ҳәа активла аусура, насгьы активла ҳпозициа аарԥшра».
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр абҵарамза 11-12 рзы имҩаԥысыз Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 65-тәи рраунд далацәажәеит. «Ҳара ҳпозициа аартны, инақәырӷәӷәаны, иреиҳау Европатәи ачинуааи ацхантәаҩцәеи, ООН, Европатәи Аидгыла, ОБСЕ уҳәа рҿаԥхьа иаҳҳәеит. Ҳрылацәажәеит акыр шықәса рыҩныҵҟа арегион аҿы иҟоу аҭагылазаашьақәа. Иҟоуп ихьыԥшым аҳәынҭқаррақәа: Аԥсны Аҳәынҭқарра, Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика. Уи азхаҵатәуп – мрагыларатәи ҳгәылацәа иргәаԥха-иргәамԥха. Урыстәыла адгылара абзоурала, ҳара ҳхатәы ҳәынҭқарратә проект шьақәҳаргылоит, уи анагӡара, арӷәӷәара ҳаҿуп, ари ҳаамҭазтәи иҟаҵәҟьоу аҵабыргқәа иреиуоуп», — иҳәеит аминистр.
Аиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны, еицырзеиԥшу амшхәаԥштә хырхарҭа иаҵанакуа еиуеиԥшым азҵаарақәа рзы ргәаанагарақәа еибырҳәеит.