Лаҵарамза 18 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа, Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рҿы иҟоу аҷыдалкаатә Зинмчы змоу Ареспублика Никарагуа ацҳаражәҳәаҩ Альба Асусена Торрес Мехиа лнаԥхьарала, Аугусто Сесар Сандино диижьҭеи 131 шықәса аҵра инамаданы Урыстәылатәи Афедерациа иҟоу Ареспублика Никарагуа Ацҳаражәҳәарҭа еиҿнакааз адипломатиатә дкылара ихы алаирхәит.
Аусмҩаԥгатә иара убас рхы аладырхәит Урыстәылатәи Афедерациаҿы аккредитациа змоу адипломатиатә корпус ахаҭарнакцәагьы.
Адипломатиатә дкылара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәааи Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рҟны иҟоу Ареспублика Никарагуа ацҳаражәҳәаҩ Альба Асусена Торрес Мехиеи реицәажәара. Аганқәа Аԥсни Никарагуеи рыбжьара аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа аринахысгьы рырӷәӷәара, иара убас ҩ-ганктәи аусеицура апрактикатә хырхарҭақәа рыҿиара ишазҿлымҳау азгәарҭеит.