Амассатә информациа ахархәагақәа рҿы Урыстәыла атәылауаҩра змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа рзы Аԥсни Урыстәылеи рҳәынҭқарратә ҳәаа ахысразы аԥкрақәа ыҟоуп ҳәа аинформациа цәырҵит.
Адәныҟатәи аусқәа Рминистрра адырра ҟанаҵоит, урыстәылатәи апрофильтә аусбарҭақәеи дареи рыбжьара аконсультациақәа шымҩаԥысуазы. Уажәазы, Аԥсни Урыстәылеи рҳәынҭқарратә ҳәаа ахысразы арежим еиҭакра аман иҟаӡам.
Аԥсны Аҳәынҭқарра ҵаҵӷәыс иҟанаҵоит Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысра арежим 2009 шықәса жьҭаара 2 азы анапы зҵаҩыз Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауааи Урыстәылатәи Афедерациа атәылауааи рзы визада аиҭанеиааиразы аҳәынҭқаррабжьаратә еиқәшаҳаҭра. Ари аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны Аԥсни Урыстәылеи рҳәынҭқарратә ҳәаа ахысра рылшоит Аԥсны Аҳәынҭқарра ма Урыстәылатәи Афедерациа ртәылауаҩреи рхаҭареи шьақәзырӷәӷәо ашәҟәы змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ма Урыстәылатәи Афедерациа ртәылауаа.
Аконсультациақәа рышьҭахь, Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра иарбоу азҵааразы ихарҭәаау адыррақәа ҟанаҵоит.