Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ахҳәаа анаҭеит Қырҭтәылатәи аҳаиртә еилазаарақәа Рмаҵзура аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» ахь иааиԥмырҟьаӡакәа ареисқәа рымҩаԥгара азинҟамҵара алыршахарц азы иҟанаҵаз аҳәамҭа

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ахҳәаа анаҭеит Қырҭтәылатәи аҳаиртә еилазаарақәа Рмаҵзура аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» ахь иааиԥмырҟьаӡакәа ареисқәа рымҩаԥгара азинҟамҵара алыршахарц азы иҟанаҵаз аҳәамҭа
25 March 2025 74

Аҵыхәтәантәи аамҭазы атәыла анапхгаратә партиа «Грузинская мечта» ахантәаҩы Биӡина Иванишьвили “Қырҭтәыла аҭамзаара шьҭанаҵар акәхоит ауаԥс жәлар рҿаԥхьа 2008 шықәсазтәи ахҭысқәа рзы” ҳәа иҟаиҵаз аҳәамҭа налаҵаны ақырҭуа политикцәа Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ Уаԥстәылеи дареи рыбжьара аконструктивтә диалог амҩаԥгара ишазхиоу азы иҟарҵаз аҳәамҭақәа азхьаԥшра рыҭаны Аԥсны Аҳәынҭқарра азыԥшын аахыҵ Кавказ ишьақәгыланы иҟоу аҭагылазаашьақәа разхаҵара шьаҭас измоу апрагматикатә еинырра хацыркхап ҳәа.

Аха аизыҟазаашьақәа рҭышәныртәалара иазырхоу апрогматикатә знеишьа аҭыԥан, Қырҭтәылатәи анапхгара ашаблон ҟазшьа змоу, иҟаҵәҟьоу аҭагылазаашьа иақәымшәо аҳәамҭақәа рыҟаҵара иаҿуп, урҭ агәыԥжәареи агәҭынчымреи рымацара роуп ицәырырго. Абас ала шьҭахьҟа иузмырхынҳәуа апроцессқәа рԥырхагахароуп изызку Қырҭтәыла анапхгара аҵыхәтәантәи рықәгыларақәа.

Ас еиԥш иҟоу азнеишьақәа акыр зхыҵуа акризис аӡбара иацхраауам, урҭ еиҳагьы ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара агәреибамгара еиздырҳауеит мацароуп.

Убри инамаданы, Аԥсны Аҳәынҭқарра, даҽазныкгьы Қырҭтәылахь ахы нарханы ааԥхьара ҟанаҵоит аконфронтационтә риторика иацәхьаҵырц азы, амч ахархәара мап ацәкразы азакәантә ҭакԥхықәра змоу Аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩра мҩаԥгахарц азы, насгьы 1992-1993 шықәсқәеи 2008 шықәсеи рышьҭахь ишьақәгылаз аполитикатәи азинтәи ҭагылазаашьақәа хшыҩзышьҭра рыҭаны аконструктивтә диалог аетап ҿыц иалагарц азы.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: