2024 шықәса абҵарамза 15 рзы Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ареспубликаҿы иҟалаз аполитикатә кризис инамаданы ртәылауаа Аԥсны Аҳәынҭқаррахь аныҟәарақәа рҽырцәыхьчаразыиҟарҵаз рабжьгара аԥыхра инамаданы, Адәныҟатәи аусқәа Рминистрра абри аҩыза аҳәамҭа ҟанаҵоит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра анапхгара ҭабуп ҳәа раҳәо, азхьаԥшра арҭоит аԥхынтәи акурорттә аамҭахәҭа иалагӡаны Аԥсны аҭаара згәы иҭоу Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа агәҭынчра рымазаарц, атуристцәа ршәарҭадаразы аҳәынҭқарратә усбарҭақәа зегьы аштаттә режим ала аусура шымҩаԥырго, иарбанызаалак шәарҭара шыҟам.
Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҟынтәи АИХқәа рдырраҭараҿы ишазгәаҭоу ала, Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи аекономикатә, амедицинатә, атранспорттә усхкқәа рҿы амҽхак ду змоу апроектқәа рынагӡара азԥхьагәаҭаны активла аус рыдуылара иалагахьеит, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза ахархәарахь рыҭара, иара убас аӡиас Ԥсоу инаваршәны Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа аҿы аҳазылхратәи аҳәаатәи аушьҭратә ҭыԥ амчхара арҭбаара.
Иара убасгьы Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Аԥсныҟа аара згәы иҭоу атәылауаа зегьы ареспубликаҿы аекологиатә шәарҭадара инадҳәаланы апроблемақәа шыҟам ахшыҩзышьҭра рырҭарц рҭахуп. Амшын Еиқәаҿы иҟалаз аекологиатә рыцҳара, Урыстәыла амшынԥшаҳәа ахәҭақәак ирнырыз, Аԥсны Аҳәынҭқарра ныррак ҳәа анамҭеит. Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭакԥхықәра зду аҳәынҭқарратә усбарҭақәа еснагь Аԥсны аекологиатә ҭагылазаашьа иацклаԥшуеит, ҷыдала амшын аԥшаҳәаҿы, иазгәарҭоит иарбанзаалак аиҭакрақәеи аҳауа аҟьашьра адыргақәеи шыҟам.
Хыхь зыӡбахә ҳәаз зегьы инарыдҳәаланы, Аԥсны иаҭаауа, мамзаргьы Аԥсныҟа аара згәы иҭоу атуристцәеи атәылауааи рзы шәарҭарак шыҟам адырра шәаҳҭоит. Аԥсуа жәлар еснагь асасдкыларала змоу ҳәа ахьӡ-аԥша рыман, ҳаиашьаратә тәыла – Урыстәылатәи Афедерациа аҟынтәи асасцәа даҽазныкгьы гәахәарыла рыдыркылара ҳазыхиоуп.