Қырҭтәыла ЕС алалара ахҟьаԥҟьақәа рганахьала Урыстәыла АдәАР аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова иҟалҵаз аҳәамҭа инамаданы Аԥсны АдәАР ахҳәаа

Қырҭтәыла ЕС алалара ахҟьаԥҟьақәа рганахьала Урыстәыла АдәАР аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова иҟалҵаз аҳәамҭа инамаданы Аԥсны АдәАР ахҳәаа
20 April 2026 81

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра азҿлымҳара анаҭеит Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова Қырҭтәыла Европатәи аидгыла алалара ахҟьаԥҟьақәа рганахьала иҟалҵаз аҳәамҭа, Қырҭтәыла ЕС алалара ахҟьаԥҟьақәа рганахьала Урыстәыла апозициа рыцеиҩнашоит.

Қырҭтәыла адәныҟаполитикатә курс аҿиара хшыҩзышьҭрала ҳацклаԥшуеит, иазгәаҳҭоит Қырҭтәыла аполитика арегион аҿы агәрагара арӷәӷәара ишамыхәо, уи шьақәдырӷәӷәоит афактқәа жәпакы: ақырҭуа ган аамҭа-аамҭала иҟанаҵо аҳәамҭақәа, НАТОи Қырҭтәылеи рырратә усеицура, амч ахамырхәара зинла иадызҵо аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра мап ацәкра, Аԥсны Аҳәынҭқарра жәларбжьаратәи аҭахкаара иазырхоу Қырҭтәыла аполитика.

Агәҭынчымра ӷәӷәа узцәырнагоит Қырҭтәылеи НАТОи рырратә усеицура, Қырҭтәыла аҵакыраҿы аицҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥгарагьы уахь иналаҵаны. Ас еиԥш ахымҩаԥгашьа арегионалтә ҭышәынтәалареи аибарххарақәа рыҩаӡара ашьҭыхреи иҽеим анырра рызҭо факторны уамыхәаԥшыр ауам.

Ишьақәҟьаратә фактор дуны иҟоуп Қырҭтәыла адеструктивтә позициа, ҷыдала Аԥсны Аҳәынҭқарреи иареи рыбжьара амч ахамырхәара зинла ирыдызҵо аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра мап ацәкра, Уи Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа хықәкы хадас ирымоуп. Аԥсуа ган акәзар, аиҿцәажәарақәа рраундқәа зегьы рҿы иарбоу азиндырратә уалԥшьатә еиқәшаҳаҭра абжьаҵаразы аҽазышәарақәа рырцыхцыхра аҵак ду шамоу инаҵшьны иазгәанаҭоит.

Хыхь иарбоу шьаҭас иҟаҵаны иуҳәар ауеит, Қарҭ ауп арегион аҿы иҭышәынтәалоу ашәарҭадаратә архитектура ашьақәыргылара иаԥырхагоу ҳәа.

Ҳара ҳхатә шәарҭадареи, асуверенитети, иҭышәынтәалоу аҿиареи реиқәыршәара аԥыжәара аҳҭоит. Қырҭтәыла злахәу иарбанызаалак аинтеграциатә процессқәа иҟоу аҭагылазаашьақәа рзы ашәарҭарақәа цәыррымгалароуп.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: