Ажәабжь ҿыцқәа
2024 шықәса абҵарамза 27 рзы Никарагуа иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Михаил Ледениов раԥхьаӡа акәны Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа даҭааит.
Адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Аԥсны Аҳәынҭқарра иаҭаауа, мамзаргьы иаҭаарц згәы иҭоу асасцәеи атуристцәеи, иара убас, атуристтә еилазаара дуқәеи онлаин-ресурсқәеи иднардыруеит ареспубликаҿы аҭагылазаашьа инагӡаны ишҭышәынтәалоу, шәарҭара шыҟам.
2024 шықәса абҵарамза 25 азы Боливариантәи Аҳәынҭқарра Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа, Венесуела аомбудсман Альфредо Руис иҟаиҵаз ааԥхьарала, аибашьра аанкылареи аҭышәныртәалареи рзы Аиқәшаҳаҭра 204 шықәса ахыҵра иазку ацеремониа даҭааит.
26 November 2024 7
Иахьа, абҵара ҩажәи фба рзы, Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа рыдыркылеижьҭеи ҩеижәижәаба шықәса ҵит.
Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҿ иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра анапынҵа ҷыдақәеи азинмчнагӡеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али Шьамтәылатәи акультура Амшқәа ирызку аныҳәатә усмҩаԥгатә ихы алаирхәит.
22 November 2024 27
2024 шықәса абҵара 22 рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Одиссеи Бигәааи Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалини реиԥылара мҩаԥысит. Аиԥылара далахәын Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа абжьагаҩ Максим Литвинов.
21 November 2024 23
2024 шықәса абҵара 21 азы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Одиссеи Бигәааи Китаи Жәлар Рреспубликаҿ иҟоу Аԥсны аҳаҭыр консул Ге Чжили еиԥылеит.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра абҵара 15 рзы аҭыԥ змаз ахҭысқәа азакәантә мчра ахҳәаразы аҽазышәара аҳасабала иахәаԥшуеит. Иҟалаз ҳҳәынҭқарра жәларбжьаратәи ахаҿсахьа ааха анаҭоит, ҳстратегиатә ҩыза – Урыстәылатәи Афедерациеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа иҽеимкәа ианыруеит.
Иахьа, асааҭ 15:20 рзы, Израильтәи аҳаиртә мчқәа аоккупациа зызуу шьамтәылатәи Голан аҟынтәи ажәылара ҟарҵеит. Дамаск араион Мезеи, Дамаск араион Кудсаии, Дамаск иаԥну ақыҭаҭыԥқәеи рҿы анхарҭатә хыбрақәа жәпакы ааха рырҭеит, иҭахеит жәохәҩык рҟынӡа ауаа. Жәафҩык ауаа ааха роуит, аҳәсеи ахәыҷқәеи уахь иналаҵаны. Анхарҭатә ҭыԥқәеи ааигәа-сигәа игылаз аҩнқәеи ааха ӷәӷәа роуит.
Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҿы иҟоу анапынҵа ҷыдақәеи азинмчнагӡеи змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али диԥылеит Шьамтәыла аекономикеи адәныҟатәи ахәаахәҭреи рминистр, аекономикатә, ахәаахәҭратә, аҭҵаарадырратә усеицуразы Аԥсны-Шьамтәыла Аицеилак Шьамтәылатәи ахәҭа ахантәаҩы Моҳаммад Рабиа Кьалааџьи.