Ажәабжь ҿыцқәа

5 December 2021 414
Ԥхынҷкәын 4 азы италиатәи ақалақь Ламециа -Терме аҿы имҩаԥысит «Аԥсны Аҳәынҭқарра жәларбжьаратәи адипломатиатә системаҿ» аӡыргара.
3 December 2021 441
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аиҳабы Ҭамила Мерцхәылааи аиԥылара мҩаԥыргеит.
3 December 2021 659
Қырҭтәыла уаанӡатәи ахада М. Саакашьвили аӡбарҭатә процесс аан иажәақәа азхьаԥшра рысҭоит. Аԥсны Аҳәынҭқарра Аокеан ҭынч арегион иатәу тәылақәак иахьазхарҵаз азҵаара далацәажәо Саакашьвили ари цәгьоуроуп, аҳәаанырцә атәылақәак рнапхгаҩцәа аҵарҭыша рыҭароуп иалзыршаз ҳәа иҳәеит. Убри аан иара дызлацәажәоз Аокеаниа атәылақәа – Науру, Тувалу, Вануату роуп.
3 December 2021 565
Ԥхынҷкәын 3, 2021 шықәсазы Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Андреи Руденкои Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ, женеватәи аиҿцәажәарақәа рҿы аԥснытәи аделегациа ахада Иракли Ҭыжәбеи еиԥылеит.
3 December 2021 692
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба дидикылеит Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы иҟоу азинмчра нагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев.
2 December 2021 716
Ԥхынҷкәын 2 азы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы аиԥылара мҩаԥыргеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианини.
30 November 2021 350
Абҵара 29 азы имҩаԥысит Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакыраҿы аусура мҩаԥызго жәларбжьаратәи еиҳабыратәым аиҿкаарақәа рхадацәеи реиԥылара. Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба ари аиԥылара аихшьаалақәа рыла ахҳәаа аиҭеит.
29 November 2021 395
Абҵара 29 азы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы имҩаԥысит Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакыраҿы аусура мҩаԥызго жәларбжьаратәи еиҳабыратәым аиҿкаарақәа рхадацәеи реиԥылара. Аиԥылара иалахәын аминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба, жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рнырразы Адепартамент аиҳабы Артур Гагәылиа.
28 November 2021 574
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Никарагуа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Денис Монкада Колиндрес имшира инадҳәаланы адныҳәаларатә шәҟәы изишьҭит.
25 November 2021 470
Боливариантәи Ареспублика Венесуела жәлар рымчра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Феликс Пласенсиа Гонсалес Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба ихьӡала адныҳәаларатә шәҟәы ааишьҭит.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: