Еиду аштатқәа зхагыло жәларбжьаратәи акоалициа Шьамтәыла ахымҩаԥгашьа ҳақәыӡбоит

Еиду аштатқәа  зхагыло жәларбжьаратәи акоалициа Шьамтәыла ахымҩаԥгашьа ҳақәыӡбоит
27 November 2018 831
Шьамтәылатәи Арабтә республика ателехәаԥшра адырра ҟанаҵеит ЕАШ зхадараҿы иҟоу жәларбжьаратәи акоалициа апровинциа Деир-ез-Зор  аҳауаҟынтәи иалахысуан ҳәа. Иҟоуп аҭынч уааԥсыра рҟынтәи иҭахаз. Урҭ реиҳараҩык хәыҷқәоуп.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ақәыӡбоит ЕАШи адгылаҩцәеи Шьамтәыла имҩаԥырго агрессиа. Иҭахоит аҭынч уааԥсыра: аҳәса, ахәыҷқәа, абыргцәа.
Иазгәаҭатәуп Еиду аштатқәа ишымҩаԥырго иаҭахымкәа иҟоу аҳәынҭқаррақәа рсуверинитет аҳаҭыр ақәымҵара, уа инхо ауааԥсыра рыԥсҭазаарагьы хырыҩ азура.
"Азхьаԥшра аҳҭоит мраҭашәаратәи акоалициа арратә акциақәа шымҩаԥнаго Шьамтәыла аҵакыраҿы хаԥышәала, ООН Ашәарҭадаратә хеилак ақәшаҳаҭра амамкәа. Иарбанызаалак закәаншьаҭак амамкәа имҩаԥысуеит арратә операциақәа, ЕАШи адгылаҩцәеи Шьамтәылатәи Арабтә республика асуверинитети аҵакырадгьылтә акзаареи еиларгоит, хырыҩ азыруеит жәларбжьаратәи зин анормақәа. Жәларбжьаратәи акоалициа иҟанаҵо атерроризм иаҿагылан ақәԥароуп ҳәа узазаҳәом, уи адагьы Шьамтәыла иҟоу аҭагылазаашьа уадаҩ иаҳагьы аибарххара анаҭоит» ҳәа аҳәоит аминистрра аҳәамҭаҿы.
Аԥсны Аҳәынҭқарра адгылоит Шьамтәылатәи Арабтә республикаҿ закәаншьаҭала аус зуа атәыла анапхгара.
Агәрагара ҳамоуп аофициалтә Дамаск Шьамтәыла атерроризм шьаҭанкыла иқәнагап, акраамҭа иззыԥшу аҭынчрагьы ашьақәыргылара алшап ҳәа.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: