Цәыббрамза 23 рзы Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа 68-тәи рраунд аламҭалазы имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Михаил Галузини реиԥылара.
Аԥсуа ган аҟынтәи аиԥылара рхы аладырхәит Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәааи, аминистрра аусзуҩцәа Лаша Аҩӡбеи Алина Ҷанԥҳаи, Урыстәылатәи Афедерациаҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ-ацҳаражәҳәаҩ Кан Ҭаниеи.
Аиԥылара иара убас рхы аладырхәит Аахыҵ Уаԥстәыла рхада иабжьагаҩ Константин Кочиев напхгара зиҭо Аахыҵ Уаԥстәыла ареспублика аделегациа.
Аиԥылараан абҵарамза 10-11 рзы имҩаԥысраны иҟоу Женеватәи аиҿцәажәарақәа рраунд амшхәаԥштә актуалтә зҵаарақәа ирылацәажәеит.
Аганқәа ишьақәдырӷәӷәеит арегион аҿы ашәарҭадареи аҭышәынтәалара аусхк аҟны иқәыргылоу ахықәкқәа рынагӡара иазырхоу аконструктивтә диалог ацҵареи аусеицуреи наҟ-ааҟгьы азҿлымҳара шрымоу.
Инаҵшьны иазгәаҭан Қырҭтәыла Аԥсны Аҳәынҭқарреи Аахыҵ Уаԥстәыла Ареспубликеи рганахь ала амч ахамырхәаразы зинла ахыдҵатә гарантиақәа аус рыдулара ҟанаҵар шакәу.
Аԥсуа ган даҽазныкгьы аҳәамҭа ҟанаҵеит ахҭысқәа раԥырҟәҟәаареи рызхьаԥшреи рзы Амеханизм (МПРИ) аусура алацәажәара ишазыхиоу азы.
Аиԥылараан алахәылацәа агуманитартә зҵаарақәа жәпакы ирзааҭгылеит, иара убас наҟ-ааҟтәи аинтерес ззыҟоу егьырҭ актуалтә зҵаарақәа рзы ргәаанагарақәа еибырҳәеит.