Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аԥсны АдәАР анапынҵа ҷыдақәа змоу ацҳаражәҳәаҩ Вито Гриттани имшира идиныҳәалеит

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аԥсны АдәАР анапынҵа ҷыдақәа змоу ацҳаражәҳәаҩ Вито Гриттани имшира идиныҳәалеит
1 October 2026 1

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аԥсны АдәАР анапынҵа ҷыдақәа змоу ацҳаражәҳәаҩ Вито Гриттани имшира идиныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы иазгәаҭоуп:

"Ари амш аҽны еиҳарак иазгәасҭарц сҭахуп Аԥсны Аҳәынҭқарра жәларбжьаратәи аимадарақәа рырҿиараҿы шықәсырацәалатәи шәлагала ду, ҷыдала Италиатәи Ареспубликаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Адипломатиатә хаҭарнакра аусура зҭакԥхықәу иҳасаб ала имҩаԥыжәгаз аус ду.

Шәымчхареи, шәыпрофессионализми, шәдипломатиатә баҩхатәреи, хаҭала аус гәык-ԥсыкала шәазыҟазаареи ирыбзоураны арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны Италиа ауааԥсыра Аԥсны дшәырдырит, аимадара ҿыцқәа рышьақәыргылареи, агуманитартә, акультуратә, ауаажәларратә еинырра аҿиареи, ҳтәыла аҭоурыхи, акультуреи, ҳаамҭазтәи аԥсҭазаареи ирызку аобиективтә информациа италиатәи ауаажәларра рызнагареи рзы аусура ду мҩаԥыжәгеит.

Ҷыдала пату ақәҵатәуп адипломатиатә усура ауаа рыбжьара зыԥсы ҭоу диалогны аҟаҵара, аицәажәаразы аплошьадка ҿыцқәа раԥҵара, Аԥсны азы акрызҵазкуа аԥшьгарақәа раларҵәаразы алшарақәа рыԥшаара ахьшәылшоз.

Хазы иазгәасҭар сҭахын аполитикатәи аелекторалтәи експертиза Жәларбжьаратәи ассоциациа ахантәаҩык иаҳасабала шәусура. Ари апрофессионалтә плошьадка шәахагыланы аекспертцәеи апрофессионалтә еилазаара ахаҭарнакцәеи рыбжьара жәларбжьаратәи адиалог азы алшара ҿыцқәа аашәыртуеит, аполитикатәи аелекторалтәи експертиза аусхк аҟны аԥышәеи, адырреи, апрактикақәеи реимдара шәацхраауеит. Ари аус жәларбжьаратәи азанааҭтә еимадарақәа рырӷәӷәареи еиуеиԥшым атәылақәа рыспециалистцәа рыбжьара аҵакы змоу адиалог аӡыргареи рзы шәусура акрызҵазкуа даҽа хырхарҭаны иҟоуп.

Иахьа шәара ари иганрацәалатәиу аусура иацышәҵоит, Аԥсны жәларбжьаратәи аҳаҭыр арӷәӷәареи, аҳәаанырцәтәи апартниорцәеи иареи реимадара арҿиареи, апрофессионал-дипломатиатәи аексперттәи еилазаара арҭбаареи рҿы алагала ду ҟаҵо.

Гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, анасыԥ, аманшәалара, амчлшара, аԥшьгарақәа зегьы рҿы ақәҿиара ҿыцқәа. Шәзанааҭтә мҩа аринахысгьы аинтерес зҵоу аиԥыларақәа, аҵакы змоу апроектқәа, узықәгәыӷша аҩызцәа, иаԥсоу алҵшәақәа рыла иҭәызааит».

Олег Барцыц Вито Гриттани изеиӷьеишьеит иазԥхьагәаҭоу ипланқәа зегьы рынагӡаразы аманшәалара, агәацԥыҳәара, алшара ҿыцқәа.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: