Жәабран 28 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрраҿы имҩаԥысит Адәныҟатәи аусқәа рминистр инапынҵақәа назыгӡо Сергеи Шамбеи анапынҵа ҷыдақәа рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ацҳаражәҳәаҩ Вито Гриттани реиԥылара. Аиԥылара ихы алаирхәит Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Кан Ҭаниа.
Вито Гриттани Сергеи Шамба изеиҭеиҳәеит Италиа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра адипломатиатә Хаҭарнакра имҩаԥнаго аусура иахьатәи аспектқәа ртәы. Ахәҭакахьала, ҳазҭоу ашықәс жәабранмзамза жәохә рзы имҩаԥысыз Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа раан актәи атур азы Италиа аинформациа аларҵәара иадҳәалоу аусура алҵшәақәа ртәы далацәажәеит. Адипломатиатә Хаҭарнакраҿы 50 инареиҳаны астатиақәа еиқәдыршәеит, иагьыркьыԥхьит.
Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит, Италиа Аԥсны Аҳәынҭқарра иазкны зыгәра угартә иҟоу аинформациа аиқәыршәара аганахьала активла аусура ишацҵахо. Иара убасгьы, Италиа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра адипломатиатә Хаҭарнакра аусуразы аҭакԥхықәра зду Вито Гриттании Кан Ҭаниеи Сергеи Шамба ирҭеит 2019 шықәса инаркны 2024 шықәса рҟынӡа имҩаԥгаз русуразы инарҭбаау аҳасабырба.
Аиԥылара аԥхарра аҵаны имҩаԥысит.
