Ажәабжь ҿыцқәа

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи Шьамтәыла аԥыза-министр Хусеин Арнуси реиԥылара мҩаԥысит. Аиԥылара мҩаԥысит Шьамтәылатәи Арабтә республика Аминистрцәа реилазаараҿы. Аԥснытәи аделегациа алахәуп Дамаск имҩаԥысуа Жәларбжьаратәи аконференциа.
Жьҭаара 13 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба дидикылеит Аахыҵ Кавказ азҵаарақәа рзы ЕЕ ахаҭарнак ҷыда Тоиво Клаар. Аиԥылара иалахәын: Аахыҵ Кавказ азҵаарақәа рзы Еврохеилак ахаҭарнак ҷыда иполитикатә бжьагаҩ Биорн Киуне, Аахыҵ Кавказ азҵаарақәа рзы Еврохеилак ахаҭарнак ҷыда иофис аҿы аполитикатә бжьагаҩ Еммануель Анкетиль, ОБСЕ аполитикатә бжьагаҩ Готтфрид Ханне.
Цәыббра 29 рзы Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы имҩаԥысит  Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи усутә визитла Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Медоевы реиԥылара.
Ԥхынгәы 19 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны имҩаԥысит аминистр Даур Ақаҩбеи Аԥсны иҟоу Приднестровиатәи Молдавиатәи ареспублика Ахаҭарнакра аофициалтә еиҳабы Гарри Кәыпалбеи аиԥылара рыман.
Ԥхынгәы 20 рзы Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрраҿы имҩаԥысит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи Урыстәылатәи Афедерациа Агәабзиарахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Игор Каграманиани реиԥылара.
Ԥхынгәы 16 рзы Москва Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи, Урыстәылатәи Афедерациаҟны иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахбеи Аԥсны ахада астратегиатә коммуникациақәа рзы ицхырааҩ Ренат Қарчааи Мосгордума ахантәаҩы Алексеи Шапошниковы еиԥылеит.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров 70 шықәса ихыҵра идиныҳәалеит.
"Ҳара ҳзы акраҵанакуаны иҟоуп коронавирус аҿагыларазы, аламырҵәаразы ВОЗ ахаҭарнакцәа рабжьагажәақәа. Урҭ абжьгарақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны ауснагӡатәқәа мҩаԥаагалоит» ҳәа иҳәеит Даур Ақаҩба.
Хәажәкыра 3 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи Аусқәа рминистрраҿы Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Даур Ақаҩба иеиҳабыратәым аиҿкаарақәа рхадацәа дырԥылеит.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба ажьырныҳәа 21 рзы Москва диԥылеит  Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Андреи Руденко.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: