Ажәабжь ҿыцқәа

Ааигәа коронавирус апандемиа иазкны имҩаԥысыз Қырҭтәыла аԥыза-министр Г. Гахариеи Европатәи акомиссиа ахантәаҩы Урсула фон дер Лиаени рвидеоконференциаан иалацәажәан «аоккупациа зызуу аҵакырақәа рҟны аҭагылазаашьа уадаҩ». Қырҭтәыла аԥыза-министр иныҭкааны далацәажәеит арҭ аҵакырақәа рҟны иҟоу аҭагылазаашьа.
8 April 2020 849 Анотақәа
Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба адныҳәаларатә шәҟәы изынаишьҭит Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Медоев, Аахыҵ Уаԥстәыла Аконституциа амш инадҳәаланы.
3 April 2020 859
Мшаԥы 3 рзы Даур Ақаҩбеи Аԥсны иҟоу жәларбжьаратәи иеиҳабыратәым аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәеи онлаин-конференциа мҩаԥыргеит.
26 March 2020 712 Анотақәа
Иалху Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин ихьӡала ацҳамҭашәҟә дәықәиҵеит.
2020 шықәса хәажәкыра 22 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы имҩаԥысит атәыла ахада иалхрақәа. жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа иҟарҵаз ахәшьарала алхрақәа мҩаԥысит аиҿкаара ҳарак рыман, амилаҭтә закәанԥҵара инақәыршәаны, алхыҩцәа рзинқәа еилагарак рымамкәа.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров 70 шықәса ихыҵра идиныҳәалеит.
"Ҳара ҳзы акраҵанакуаны иҟоуп коронавирус аҿагыларазы, аламырҵәаразы ВОЗ ахаҭарнакцәа рабжьагажәақәа. Урҭ абжьгарақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны ауснагӡатәқәа мҩаԥаагалоит» ҳәа иҳәеит Даур Ақаҩба.
17 March 2020 582
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи Аусқәа рминистр  ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа дидикылеит Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа  Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Максим Литвинов.
Адунеи атәылақәа жәпак рыҟны акоронавирустә инфекциа (COVID-19) здырбало ауаа рхыԥхьаӡара еиҳа иахьышьҭыҵыз инамаданы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҽазныкгьы ареспублика ауааԥсыра рахь ааԥхьара ҟанаҵоит ари ачымазара ахьазгәаҭо атәылақәа рҭаара ԥыркырц.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: