Цәыббра 27 азы Москва имҩаԥысит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови реиԥылара.
Аԥсни Урыстәылеи рыдәныҟаполитикатә усбарҭақәа реиҳабацәа Инал Арӡынбеи Сергеи Лаврови ҩ-тәылауаҩрак аиура азҵаарақәа рзы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит аиԥылара аҳәаақәа ирҭакны.Хара имгакәа Аԥсны атәылауаа урыстәылатәи атәылауаҩра роураз амеханизм аусура иалагоит.