Жьҭаарамза 20 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрраҿы Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц анапынҵа ҷыдақәа змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ацҳаражәҳәаҩ Аизек Кумессин диԥылеит. Аиԥылара далахәын адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Иракли Ҭыжәба.
Олег Барцыц инаҵшьны иазгәеиҭеит еицырзеиԥшу аусура амҩатә хсаала аԥҵареи Аизек Кумессин иусураҿы ихадароу ахырхарҭақәа ралкаареи шхымԥадатәиу.
Аиԥылараҿы ирылацәажәан Аизек Кумессин Африка атәылақәа рҿы имҩаԥигоз аусура апрактикатәи атехникатәи аспектқәа.
Анапынҵа ҷыдақәа змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ацҳаражәҳәаҩ иусура ахырхарҭа хадақәа ианрыхәаԥш ашьҭахь, аиԥылара алахәылацәа иазгәарҭеит активла аусеицура ацҵара аҵак ду шамоу.