Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны ҿыц Аахыҵ Уаԥстәыла аҷыдалкаатә Зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩыс иаҭоу Асҭамыр Кациа иҟынтәи агәраргагатә шәҟәқәа рыхкьыԥхьаақәа идикылеит

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны ҿыц Аахыҵ Уаԥстәыла аҷыдалкаатә Зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩыс иаҭоу Асҭамыр Кациа иҟынтәи агәраргагатә шәҟәқәа рыхкьыԥхьаақәа идикылеит
23 March 2026 89

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны ҿыц Аахыҵ Уаԥстәыла аҷыдалкаатә Зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩыс иаҭоу Асҭамыр Кациа иҟынтәи агәраргагатә шәҟәқәа рыхкьыԥхьаақәа идикылеит.

Ацеремониа иалахәын Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа, аминистрра астратегиатә усеицура Адепартамент аиҳабы Џьемал Бганба.

Аиԥылараан Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц иазгәеиҭеит аиашьаратә ҳәынҭқаррақәа ҩба рыбжьара аусеицура аҿиара ишаҿу – аидгылареи, апартниорреи, аиҩызареи рыҟазшьа рыманы.

Олег Барцыц ҿыц иалырхыз ацҳаражәҳәаҩ идиныҳәалеит идипломатиатә миссиа алагара, агәрагарагьы ааирԥшит, Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла аҷыдалкаатә Зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ иаҳасаб ала иусура аԥсны-аахыҵ уаԥстәылатәи аизыҟазаашьақәа ԥхьаҟатәи рыҿиареи рырҵаулареи ишацхраауа.

"Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Бадра Зураб-иԥа Гәынба агәраргагатә шәҟәқәа ишәҭараны шәыҟоуп", - иҳәеит Адәныҟатәи аусқәа рминистр.

Аминистр гәыблыла игәалаиршәеит аминистрра аделегациа Аахыҵ Уаԥстәыла жәабранмзазы рыҟазаара, уи аан имҩаԥысит атәыла ахада Алан Гаглоев, Апарламент ахантәаҩы Алан Маргиев, Адәныҟатәи аусқәа рминистр Ахсар Џьиоев, Аахыҵ Уаԥстәылатәи аҳәынҭқарратә университет аректор Вадим Тедеев рԥыларақәа. "Арҭ аиԥыларақәа зегьы иреиҳаӡоу аҩаӡарала имҩаԥысит, ҳаиҩызареи ҳаизыҟазаашьақәеи, хыԥхьаӡара рацәала аиқәшаҳаҭрақәеи ирықәшәон. Ҳусеицура зегьы даара ихатәроу аиқәшаҳаҭра-зинтә база шьаҭас иамоуп», - иҳәеит иара.

Аминистр ҿыц зусура нап азыркуа ацҳаражәҳәаҩ изеиӷьеишьеит ақәҿиарақәеи ҳҳәынҭқаррақәа рҿаԥхьа иқәгылоу ауснагӡатәқәа зегьы рынагӡареи.

Асҭамыр Кациа иакәзар аминистр иҭабуп ҳәа иеиҳәеит гәыблыла дахьидикылаз азы, иазгәеиҭеит аҩ-ҳәынҭқаррак рыбжьара аинырра арҭбааразы илшо зегь аҟаҵара дшазыхиоу.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: