Аԥсны аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц дидикылеит 2026 шықәса ажьырныҳәа 12 рзы аусура иалаго, Аԥсны иҟоу МККК Амиссиа ахада ҿыц Валерии Џьемелло

Аԥсны аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц дидикылеит 2026 шықәса ажьырныҳәа 12 рзы аусура иалаго, Аԥсны иҟоу МККК Амиссиа ахада ҿыц Валерии Џьемелло
22 December 2025 103

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц дидикылеит 2026 шықәса ажьырныҳәа 12 рзы аусура иалаго, Аԥсны иҟоу Жәларбжьаратәи Аџьар Ҟаԥшь Аилак (МККК) Амиссиа ахада ҿыц Валериа Џьемелло.

Аиԥылара иара убас рхы аладырхәит зусура хзыркәшо Аԥсны иҟоу МККК Амиссиа ахада Чынгыз Раиымбеков, Амиссиа ахада ицхырааҩ Борис Казанба, Адәныҟатәи аусқәа рминистрра жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа аус рыцуразы Адепартамент аиҳабы Сариа Џьопуа.

Чынгыз Раиымбеков аминистр диирдырит МККК Амиссиа анапхгаҩ ҿыц Валериа Џьемелло. Аиҿцәажәараан иара инарҭбааны Олег Барцыц изеиҭеиҳәеит Аԥсны МККК имҩаԥнаго аусура ахырхарҭа хадақәеи Амиссиа ахадас иҟазаара аамҭа иалагӡаны имҩаԥгаз Амиссиа аусура аихшьаалақәеи ртәы.

Олег Барцыц Чынгыз Раиымбеков иусуразы ҭабуп ҳәа иеиҳәеит, уи аан инагӡаз агуманитартә ԥшьгарақәа рҵакы инаҵшьны иазгәеиҭеит.

Адәныҟатәи аусқәа рминистр Аԥсны иҟоу МККК Амиссиа ахада ҿыц Валериа Џьемелло аԥхарра ду аҵаны аԥсшәа леиҳәеит, ԥхьаҟатәи лусураҿы ақәҿиарақәа лзеиӷьеишьеит, хра злоу аусеицура ишацҵахо азы агәыӷра ааирԥшит.

Аиԥылара алахәылацәа Аԥсны иҟоу МККК Амиссиа уажәтәи аусуреи ԥхьаҟатәи аинырра апланқәеи ирылацәажәеит.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: