Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Урыстәыла усутә визитла иҟазаара аҳәаақәа ирҭагӡаны ихы алаирхәит 1941-1945 шш. рзтәи Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа алахәыла, 1941 шықәсазы Ленинградтәи аобласт аҿы иҭахаз Хьымца Гәыџь-иԥа Ҭарба ибаҟа Ленинградтәи аобласт Приозертәи араион Мичуринсктәи ашкол аҿы аартра.
Ҭарба Хьымца Гәыџь-иԥа Балтикатәи афлот 3 амшыншьаҟауаа рбригада алеитенант еиҵбыс дыҟан.
Ацеремониа иалахәын Хьымца Ҭарба иуацәа, имоҭа Еҭери Ҭарԥҳа, «Приозертәи араион» ахадара аиҳабы Александр Сослаков, СПб РОО «Акультура-рккаратә еилазаара «Аԥсны» ахаҭарнакцәа, Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аусзуҩцәа, арҵаҩцәеи ашколхәыҷқәеи.
Олег Барцыц еизаз рҿаԥхьа дықәгыло иазгәеиҭеит асеиԥш иҟоу асимволтә хҭысқәа ҳаамҭазы еиҳарак ишхадоу, еиуеиԥшым амчқәа, апсевдоҭоурыхҭҵааҩцәа аҭоурых аиҭахҩылаараз, аиааира згаз ажәлар рроль аларҟәраз рҽазышәарақәа шаҟа ҽазҵәылхрыла рҽазыршәо аназгәаҳҭо. Асовет жәлар ииашаҵәҟьаны аиааира згаз жәларуп.
«Аԥсны хәыҷы азеиԥш иааира агаразы алагала ду ҟанаҵеит. Аԥснынтәи 55 нызқьҩык инареиҳаны аибашьцәа Аџьынџьтәылатә еибашьра ду афронтқәа рахь ицеит, 17 нызқьҩык инареиҳаны аибашьра адәаҟынтәи изыхнымҳәит. Ҳара иаҳуалуп урҭ ргәалашәара наӡаӡа аҵәахра, аҭоурыхтә гәалашәара аиқәырхара, аҭоурых ахҩылаара аҽазышәарақәа рҿагылара. Уи аҿы гәшаҭара ҟаҳамҵалароуп» - иҳәеит иара.
Адәныҟатәи аусқәа рминистр инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсни Урыстәылеи иахьа АОҶ адәқәа рҿы имҩаԥысуа аекзистенциалтә қәԥараҿы астратегиатә дгылаҩцәеи, апартниорцәеи, аицнагаҩцәеи шракәу.
«Ҳара ҳаидгылаҩцәоуп, ҳаиҩызцәоуп, иара убас ҳаишьцәоуп, ус иҟалоит еснагь», ҳәа азгәеиҭеит иара.
Олег Барцыц аобласти араиони рнапхгара, иара убас акультура-рккаратә еилазаара «Аԥсны ҭабуп ҳәа реиҳәеит Аԥсны ииз ргәалашәара иахьахӡыӡаауазы».
Аԥсны атәылахьчара аминистр Беслан Ҵәыџьба ихьӡала Олег Барцыц аҿар арра-патриоттә ааӡара аус аҿы рлагала ду азы, иара убас 1941-1945 шш. рзтәи Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа афырхацәа ргәалашәара анаунагӡатәразы Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылахьчара аминистрра амедал «Аибашьратә еиҩызаразы» ранеишьеит Приозертәи араион ахада Александр Сослакови Санкт-Петербург иҟоу Аԥсны АдәАР ахаҭарнак ҷыда Константин Балыбини.