Ажәабжь ҿыцқәа

Аҧсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аделегациа Ареспублика Науру ахь аофициалтә ҭаара мҩаҧнагеит 2018 шықәса ажьырныҳәа 26 рзы. Аҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи Ареспублика Науру апрезидент Барон Дивавеси  Вакеи реиҧылара мҩаҧысуеит.
22 January 2018 1420
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи Аԥсны иҟоу Приднестровие Молдавиатәи Ареспублика аофициалтә хаҭарнакра Ахада Гарри Кәпалбеи реиԥылара мҩаԥысит. Аиԥылара азырхан Аԥсны Аҳәынҭқарреи Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспубликеи рыбжьара Аиҩызареи аусеицуреи рзы Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩижьҭеи 25 шықәса ахыҵра. Аиԥылара далахәын иара убасгьы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра астратегиатә усеицуразы Адепартамент аиҳабы Адгәыр Чегьиа.
18 January 2018 847
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Олег Аршба диԥылеит Аԥсны иҟоу Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика аофициалтә Хаҭарнакра аиҳабы Гарри Кәпалба. Аиԥылара азырхан Ахаҭарнакра аартуижьҭеи 11 шықәса аҵра.
27 December 2017 943
Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба имҩаҧигаз апресс-конференциа аҿы ажурналистцәа рызҵаарақәа рҭак ҟаиҵеит.
15 December 2017 799 Анотақәа
Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адныҳәаларатә нота нанашьҭит Ареспублика Науру Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адипломатиатә еизыҟазаашьақәа аашықәса рхыҵра инамаданы
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба зхадараҟны дыҟаз аделегациа алахәын Женеватәи аиҿцәажәарақәа 42-тәи рраунд. Аиҿцәажәарақәа мҩаԥысит ԥхынҷкәын 13 рзы, Женева. Аԥснытәи аган ахьӡала аиҿцәажәарақәа ирылахәын Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ицхырааҩ Иракли Ҭыжәба, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рнырразы Адепартамент аиҳабы Артур Гагәылиа, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аконсултә департамент аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Лаша Аҩӡба.
12 December 2017 1162 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Урыстәылатәи Афедерациа Аконституциа амш азгәаҭара инамаданы Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр сергеи Лавров дидныҳәалеит. Адныҳәалараҿы иаҳәоит:
11 December 2017 1210 Анотақәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапхгареи аусзуҩцәеи идныҳәалеит аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи усзуҩ, Ауаажәларратә палата алахәыла, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа уаанӡатәи рминистр Сократ Џьынџьал.
10 December 2017 862 Анотақәа
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ашьха Ҟарабахтәи Ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ашҟа адныҳәаларатә нота ашьҭит Аҳәынҭқарратә хьыԥшымразы ареферендум Амши Аконституциа амши инарыдҳәаланы.
7 December 2017 1003 Анотақәа
1988 шықәса ԥхынҷкәын 7 рзы иҟалаз, ауааԥсыра рацәа рыԥсҭазаарақәа ҿахызҵәаз адгьылҵысра алахьеиқәратә мшы инадҳәаланы Ермантәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь инашьҭу адашшыларатә шәҟәы аҟны иаҳәоит:
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: