Олег Барцыц Урыстәылатәи Афедерациаҿ иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит

Олег Барцыц Урыстәылатәи Афедерациаҿ иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа алархәны аилацәажәара мҩаԥигеит
10 September 2025 136

Москваҟа иусуратә неира аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭаҿы аиԥылара мҩаԥигеит.

Аиԥылараҿы Урыстәыла иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа Ацҳаражәҳәарҭа ҳазҭагылоу аамҭазы имҩаԥнаго аусуразы аҳасабырба ҟаиҵеит. Аминистр, иара убас, ҳазҭоу ашықәс раԥхьатәи 9 мзы ирылагӡаны имҩаԥгаз аусуразы Ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәа иҟарҵаз аҳасабырбақәа дырзыӡырҩит.

Олег Барцыц, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба иҟаиҵаз анапынҵақәа, ҷыдала, Мрагылара Ааигәа, Африка, Алада-Мрагыларатәи Азиа атәылақәеи Аԥсни рыбжьара аимадара арӷәӷәара иазку рзы Ацҳаражәҳәарҭа адипломатиатә еилазаара адырра риҭеит, Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада инапынҵақәа инарықәыршәаны аусура арӷәӷәара шхымԥадатәиу азгәеиҭеит.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: