2024 шықәса цәыббра 4 азы Аԥсны АдәА рминистр Сергеи Шамба Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа диԥылеит.
Дара рылацәажәеит аԥсны-урыстәылатә усеицура актуалтә зҵаарақәа, иара убасгьы асоциалтә ҳақәа рҿы икьыԥхьу, ишьақәырӷәӷәам аматериалқәа Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Козаки Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи реилацәажәараҟынтә.
Аиԥылараан аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы аԥсны-урыстәылатә еизыҟазаашьақәа рзы ргәаанагарақәа еимырдеит, иазгәарҭеит ԥхьаҟа арҭ азҵаарақәа рҭышәныртәалашьа амҩақәа.
Алхас Кәыҵниа аминистр изеиҭеиҳәеит Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа аусура амҩаԥысшьа.