Ԥхынгәымза 13, 2026 шықәса рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци Аԥсны иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Виачеслав Гладкови реиԥылара мҩаԥысит.
Имҩаԥысыз аиҿцәажәараан аганқәа инарҭбааны ирыхәаԥшит иахьазы ҭоурыхла иҳараку аҩаӡараҿы иҟоу Аԥсни Урыстәылеи рстратегиатә еизыҟазаашьақәа ԥхьаҟатәи рыҿиара иадҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа. Аполитикатә диалог ацҵара шаҭаху азы ргәаанагара рҳәеит. Инаҵшьны иазгәарҭеит ҩ-ганктәи амшхәаԥштә аҿы иқәгылоу ганрацәалатәи ауснагӡатәқәа ркомплекс анагӡаразы аконструктивтәи алҵшәатәи усура хықәкыс ишыҟоу.
Аинырра ахырхарҭа хадақәа рыла инҭкааны аусура аишьаршәалара ҟарҵеит. Аԥсуа ган иазгәанаҭеит Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны Аҳәынҭқарра стратегиатә дгылаҩ хаданы, партниорны, атәыла арра-политикатә шәарҭарақәа ирцәызыхьчо, уи иҭышәынтәалоу асоциал-економикатә ҿиаразы аҭагылазаашьақәа аԥызҵо акәны ишыҟоу. Иарбоу аконтекст аҿы инаҵшьны иазгәаҭан Урыстәылатәи Афедерациа ахада Иусбарҭеи, Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи, ҩ-ганктәи аусеицура иҵегьы аимпульс азҭо апрофильтә усбарҭақәеи акрызҵазкуа ркоординациатә роль.
Аганқәа ҷыдала ахшыҩзышьҭра арҭеит агуманитартә, акультуратә, асоциалтә усхкқәа рҿы хырхарҭарацәалатәи аинырра арҭбаара. Иазгәаҭан амилаҭи абиԥара ҿеи ргәабзиара аиқәырхара иазырхоу агәабзиарахьчара аганахьала еицырзеиԥшу апрограммақәа хра рыманы ишыҟоу, иара убас иналукааша урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рҿы аԥсуа студентцәа разыҟаҵаразы алшара дуқәа шыҟоу. Аҩ-тәылак рҿар рыбжьара аинырра аформатқәа рырӷәӷәаразы аҩ-ганк разыхиара шьақәырӷәӷәоуп.
Виачеслав Гладков ҭабуп ҳәа реиҳәеит аԥхарра ду аманы дахьрыдыркылаз азы, иагьазгәеиҭеит аҩ - ҳәынҭқаррак рыжәларқәа рыбжьара аиҩызаратә еимадарақәа рырӷәӷәара –ихадоу зеиԥш хықәкны ишыҟоу. Иара аԥсуа ган иазеиҭеиҳәеит Москва имҩаԥысыз Урыстәылатәи Афедерациа аҵаралашареи, агәабзиарахьчареи, акультуреи, аргылареи, атранспорти рминистррақәа рнапхгаҩцәа рконсультациақәа ртәы, иагьышьақәирӷәӷәеит урыстәылатәи аусбарҭақәа аҩ-тәылак ртәылауаа реизҳазыӷьаразы иалкаау алҵшәақәа раарԥшра хықәкыс ишрымоу.
Аиҿцәажәара ахыркәшамҭаз агәрагара аарԥшын аусеицура аринахысгьы аидгыларатәи апартниортәи еимадарақәа рырҵаулареи, иара убас еиҳа зымҽхак ҭбаау ҩ-ганктәи ауснагӡатәқәа хра рыманы рынагӡара ишацхраауаз.