Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци Ареспублика Гана аделегациеи реиԥылара

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци Ареспублика Гана аделегациеи реиԥылара
7 July 2026 70

Ԥхынгәы 6 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аҟәа ақалақь шьаҭаркуижьҭеи 2510 шықәса аҵра аиубилеи иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рылахәхаразы официалла атәылахь иааз Ареспублика Гана аделегациа идикылеит.

Аиԥылара мҩаԥысит аиҩызаратә, агәраргагатә, аконструктивтә ҟазшьа аманы. Африкатәи аконтинент аҿы аԥеиԥш змоу апартниорцәа ируаку Гана Ареспубликеи Аԥсни активла реиҿцәажәара ашьаҭа акит.

Аиԥылараан Олег Барцыц Аԥсны аҳҭнықалақь Аҟәа иҟоу Гана ахаҭарнакцәа гәыблыла бзиала шәаабеит ҳәа реиҳәеит, атәылақәа еиҟәызшо агеографиатә бжьаӡара ду шыҟоугьы ишиашоу аимадарақәа рыҿиара иахьазыхиоу азы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.

"Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахьӡала, хаҭала сара гәык-ԥсыкала сеигәырӷьоит Ареспублика Гана авторитет змоу ахаҭарнакцәа аԥсуа дгьыл аҿы бзиала шәаабеит ҳәа раҳәара. Амҩа хара шәанысит, иахьатәи аҭаара ҳтәылазы инарҵауланы игәырӷьахәу дыргатә хҭысуп. Ҳара Ареспублика Гана аекономикатә лшара ӷәӷәеи ҳаамҭазтәи аинфраструктуреи змоу Африкатәи аконтинент иӷәӷәоу, иҭышәынтәалоу, зыҿиара ҳараку ҳәынҭқарраны иаадыруеит, ахә ҳаракны иаҳшьоит. Ҳара ҳзы ҳаҭыр ақәуп, игәырӷьароуп гантәи ҳҩызцәа рыдкылара».

Адәныҟаполитикатә усбарҭа ахада асасцәа инарҭбааны идирдырит Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аполитика априоритетқәа. Иара ҷыдала иазгәеиҭеит Аԥсны Аҳәынҭқарра ахәаахәҭра-економикатә, аинвестициатә, акультура-гуманитартә еимадарақәа динамикала ишыҿио Урыстәылатәи Афедерациеи иареи иӷәӷәоу реидгыларатә еизыҟазаашьақәа шьаҭас иҟаҵаны. Уи адагьы аамҭакала жәларбжьаратәи аимадарақәа рдиверсификациазы аҽазҵәылхратә, аԥшьгаратә курс мҩаԥнагоит. Иарбоу аконтекст аҿы инаҵшьны иазгәаҭан африкатәи ахырхарҭа ихадақәоу ишреиуоу, Аԥсны активла аус шаднауло аекономикеи, ахәаахәҭреи, аҵареи русхкы аҿы аконтинент аҳәынҭқаррақәа жәпакы еицырзыфеидоу аус рыцура ашьақәыргылара.

Аиԥылараан ихадоу ахшыҩзышьҭра аҭан адыргатә хҭыс – Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳҭнықалақь Аҟәеи (Сухум) Ареспублика Гана иҟоу Сухум захьӡу амуниципалитети аиашьаратә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵаразы Аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра. Олег Барцыц агәрагара ааирԥшит ахьӡқәа рҿы аиқәшәара символтә ҷыдароуп, Аиқәшаҳаҭра ахаҭа ҩ-ҳәынҭқаррак ахьеиԥылало «ҩ-ганктәи аныҟәаратә цәаҳәа змоу амҩаду» ахь ашәқәа аанартуеит ҳәа.

Ганатәи аделегациа ахада, итрадициатәу аԥхьагыла-Ареспублика Гана ақалақь Сухум акрал Барина Амоако Дарко Аԥсны АдәАР анапхгара даара иҭабуп ҳәа реиҳәеит асеиԥш иԥханы, гәаартыла иахьрыдыркылаз азы, амуниципалитет ауааԥсыра рҟынтәи асалам риҭеит.

"Ҳара ҳазгәдууп Аԥсны аҳҭнықалақьи ҳареи иӷәӷәоу апартниортә еизыҟазаашьақәа ҳабжьаҵара алыршара. Аҟәа адырра ҳахьӡаны, уи аԥшӡареи иуникалтәу аҟазшьеи џьаҳшьоит. Ҳара ҳмиссиа инарҵауланы аҭакԥхықәра зцу аҟазшьа амоуп. Ҳараарахь ҳаара зныктәи хҭысӡам. Хықәкыс иҳамоуп иааиԥмырҟьаӡакәа аделегациақәа реимдареи аҩ-тәылак рыжәларқәа рыԥсҭазаара ахаҭабзиара аизырҳаразы акраамҭатәи аҽазышәарақәа реишьаршәалара. Гана ашәқәа уажәшьҭарнахыс ҳашьцәа аԥсуаа рзы иаартуп".

Агәаанагарақәа реимдара аҳәаақәа ирҭагӡаны Олег Барцыц асасцәа инарҭбааны идирдырит Аԥсны аекономикатәи, алогистикатәи, атуристтәи лшарақәа. Ахәҭакахьала, Аԥсны иуникалтәу аҳауатә ҭагылазаашьақәеи аԥсабаратә беиарақәеи ирыбзоураны есышықәса миллионки бжаки рҟынӡа атуристцәа аднакылоит ҳәа инаҵшьны иазгәаҭан. Аминистр асасцәа азхьаирԥшит атәыла атранспорттә инфраструктура амодернизациа, В. Г. ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» қәҿиарала аусура, иара убас ахәаахәҭра-еидарамҩангаратә еинырра еиԥш апассаџьыртә мҩангарақәагьы алзыршо амшынтә баӷәазақәа рҳа активла аҿиара. Иазааҭгылан аԥсуа агроааглыхратә комплекс аекспорттә позициақәа, атрадициатә џьармыкьақәа рҿы, раԥхьа иргыланы урыстәылатәи аџьармыкьақәа рҿы.

Аиҿцәажәараан ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан агуманитартә трек. Аинырраз еиҳа аԥеиԥш змоу ахырхарҭақәа ируакны аганқәа иалыркааит аҿартә усеицура, ахәҭакахьала, астуденттә еиҭныԥсахларақәа рганахь ала.

Аиԥылара ахыркәшамҭаз аганқәа ишьақәгыло ҩ-ганктәи аинырра аспектр зегьы аҿы наҟ-ааҟтәи ажәалагалақәа рпакет ахәаԥшра ишазыхиоу шьақәдырӷәӷәеит, Аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра Аԥсни Ганеи мҽхакы ҭбаала, акраамҭатәи русеицура ауасхыр ӷәӷәа шазышьҭанаҵо азы агәрагара ӷәӷәа аадырԥшит.

Аофициалтә еиԥылара хыркәшахеит адиалог гәык-ԥсыкалатәи, аиҩызаратәи атмосфера инаҵшьны иазгәазҭаз агәалашәаратә ҳамҭақәа реимдарала.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: