Ԥхынгәымза 9, 2026 шықәсазы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыци Ростов-на-Дону иҟоу Аԥсны Аҳаҭыртә консул Адик Аршбеи русуратә еиԥылара мҩаԥысит.
Аиҿцәажәараан Аҳаҭыртә консул уажәтәи иусура иадҳәалоу азҵаарақәа рзы агәаанагарақәа реимдара мҩаԥысит. Аусеицура анаҩстәи ахырхарҭақәа азгәаҭоуп.
Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан Урыстәылатәи Афедерациа аҵакыраҿы иаанкыланы иҭаку Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаҩ Иракли Бжьинаа изинқәа рыхьчара азҵаара.
Адик Аршба адырра ҟаиҵеит Иракли Бжьинаа идукатцәеи иҭаацәеи иааиԥмырҟьаӡакәа дшырныруа. Иара убас, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иҟанаҵаз азыҳәарала урыстәылатәи аган атәылауаҩ Бжьинаа аконсултә знеира иҭаразы ааԥхьара нанагӡеит. Иахьатәи аамҭазы уи иҭаара арыцхә иалацәажәоит.
Олег Барцыц Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаҩ Иракли Бжьинаа изакәантәу изинқәеи иинтересқәеи ишахәҭоу рыхьчара алыршара иазырхоу аусура ацҵаразы иахәҭоу анапынҵақәа ҟаиҵеит.