Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц зхадараҿы дыҟоу аделегациа Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҿ иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа иаҭааит

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц зхадараҿы дыҟоу аделегациа Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҿ иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа иаҭааит
30 August 2026 55

Аҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҿы Урыстәылатәи Афедерациа аусқәа рзы аамҭалатәи агәрага Евгени Козлов иԥылара мҩаԥысит.

Аиԥылараан аганқәа Урыстәылеи Аԥсни реинырра актуалтә зҵаарақәа рзы, иара убас наҟ-ааҟтәи аинтерес зҵоу азҵаарақәа жәпакы рзы ргәаанагарақәа еимырдеит.

Олег Барцыц иазгәеиҭеит урыстәылатәи адипломатиатә хаҭарнакцәеи иареи ахьыҟоу атәылақәа рҿы реиԥыларақәа рымҩаԥгаразы ишьақәгылаз атрадициа бзиа, инаҵшьны иазгәеиҭеит урҭ аҵак ду шрымоу иааиԥмырҟьаӡакәа адиалог аиқәырхареи Урыстәылеи Аԥсни реинырра ԥхьаҟатәи аҿиареи рзы.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: