Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц зхадараҿы дыҟоу Аԥсны АдәАР аделегациа Аахыҵ Уаԥстәыла раҭаара иалагӡаны аделегациеи Апарламент ахантәаҩы Алан Маргиев иԥылеит

Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц зхадараҿы дыҟоу Аԥсны АдәАР аделегациа Аахыҵ Уаԥстәыла раҭаара иалагӡаны аделегациеи Апарламент ахантәаҩы Алан Маргиев иԥылеит
17 February 2026 68

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ҭабуп ҳәа ахиҳәааит Аахыҵ Уаԥстәыла аиашьаратә дгьыл аҿы аделегациа иазыҟаҵаз аԥылареи адкылара ԥхеи рзы, инаҵшьны иазгәеиҭеит – аҳәынҭқаррақәа рпарламентқәа рыбжьара аинырра аҳәынҭқаррабжьаратә усеицура ихадоу ахәҭақәа ишреиуоу.

Аминистр иара убасгьы иазгәеиҭеит адипломатиатә усбарҭақәеи аҳәаанырцәтә усбарҭақәеи рганахь ала еизааигәоу аконструктивтә еизыҟазаашьақәа шыҟоу.

«Ара аус ауеит аҷыдалкаатә Зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Алан Мухарбег-иԥа Елбакиев ишахәҭоу ала зхадараҿы дыҟоу ҳацҳаражәҳәарҭа. Аԥсны аус ауеит Аахыҵ Уаԥстәыла Ацҳаражәҳәарҭа. Рыцҳарас иҟалаз, ааигәа даҳцәыӡит ҳҩыза ду, даара ҳаҭыр зқәыз ауаҩы – Олег Илиа-иԥа Боциев. Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны Аахыҵ Уаԥстәыла аусқәа рзы аамҭалатәи агәрага ҳәа уажәы иҟоу Ӡагоев Алан Анатоли-иԥа иоуп. Ҳара ҳаимадарақәа инагӡаны аус руеит», - иҳәеит Олег Барцыц.

Апарламент ахантәаҩы Алан Маргиев иҳәеит: "Ҳажәларқәа ирзеиԥшу аҭоурыхтә лахьынҵақәа рымоуп, иуадаҩу мҩак еицанысит. Ахақәиҭреи ахьыԥшымреи ацәыӡ дуқәа ҳарҭеит, аԥышәарақәа ҳрыхрыжьит. Аха ҳара урҭ ҳариааиит, ауадаҩрақәа зегьы ҳхаагеит, ҳреспубликақәа рхьыԥшымра азхаҵара алҳаршеит.

Абри амҩаҿы еснагь ҳажәҩа еибыҭан, аиашьаратә жәҩахыри адгылареи ҳныруан. Иахьа ҳтәылақәа рыбжьара аиҩызареи аусеицуреи реизыҟазаашьақәа активла иҿиоит, уи аҳәашьа, раԥхьа иргыланы, ҳҳәынҭқаррақәа рхадацәа амҩа арҭоит».

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: