Адипломатиатә дкылара-хкы хадақәеи урҭ рҟазшьақәеи
Адипломатиатә дкылара-хкы хадақәеи урҭ рҟазшьақәеи
«Ашампан-ҩы аҿа»
Ари адкыларатә хкы еиҳа алаҵәара амоуп адипломатиатә практикаҿы. Иара асааҭ 12 рзы иалагоит, ихдыркәшоит асааҭ 13 азы. Имҩаԥыргоит абарҭ аҭагылазаашьақәа раан:
· Амилаҭтә ныҳәаз;
· Делегациак аҳаҭыр азы;
· Ацҳаражәҳәаҩ итәылахь ихынҳәраз у.у.е.
Ари аҩыза адкылараан ирыдыргало ашампан-ҩы ауп, аха иҟалоит аҽа ҩык, ависки, ауатка рыдыргаларгьы. Ахыжәла хымԥадатәим, аха игхангьы иԥхьаӡам.
Шьыжьхьа
Шьыжьхьа шамахамзар имҩаԥыргоит асааҭ 12 - 13 рзы. Шьыжьхьа ахәыхкынҵа амилаҭтә традициақәа азыԥхьагәанаҭоит. Ишьақәгылоуп:
· Акык-ҩбак ахыжәла хьшәашәа;
· Иԥхоу аԥсыӡ фатәхкы;
· Иԥхоу акәац фатәхкы;
· Агәырхаа рыла.
Шьыжьхьа ашьҭахь асасцәа ирыдыргалоит акаҳуа ма ачаи.
Шьыжьхьа аԥхьа ирыдыргалоит аперитив: ауатка, виски, иҵәу аҩы.
Шьыжьхьа аамҭала 1-1,5 сааҭ иадхалоит. Ашьыжьхьаҟынтә ақәҵра асас хада иаԥшьгамҭазароуп.
Асасцәа рышәҵатәы аформа аиҳарак есыҽнытә костиумуп, аха аныҳәатә ҭагылазаашьаан асмокинг акәзаргьы ҟалоит.
Акоктеиль ахкқәеи «А-ля фуршети»
«Акоктеиль» ма «а-ля фуршет» ҳәа ирышьҭоуп аишәа иахамтәақәа, ишгылоу имҩаԥырго адкыларақәа. Еиҿкаарылеи мҩаԥгарылеи дара еиԥшуп, асааҭ 17 -18 рзы ирылагоит, ҩ-сааҭк еиҳамкәа имҩаԥысуеит.
Афатә-ажәтә: еиуеиԥшым ахыжәлаа хьшәашәақәа, ахаа-мыхаақәа, ашәыр. Иҟалоит иԥхоу ахыжәла рхы ианадырхәогьы. Асеиԥш иҟоу адкыларақәа раан арыжәтә аҿа иҭаҭәаны аишәа иқәдыргылоит ма ахәынаҳаҩцәа ирыманы ирылалоит.
Адкылара ахыркәшамҭаз иҟалоит ашампан-ҩы цәырыргар, анаҩс – акаҳуа.
Ари аҩыза адкылараан амаҭәа аформа есыҽнытәи акостиум ма асмокинг ракәхоит (ааԥхьараҿы ишарбахо аиԥш).
Шьыбжьхьа
Ари аиҳарак аҳаҭырбара зҵоу дкыларатә формоуп. Имҩаԥысуеит асааҭ 20-21 рыбжьара. Шьыбжьхьа ахәыхкынҵа аҭыԥантәи атрадициақәа ирхьырԥшуп:
· Акы-ҩба ахыжәла хьшәашәақәа;
· Арца;
· Иԥхоу ԥсыӡлыхк;
· Иԥхоу кәацлыхк;
· Агәырхаага.
Шьыбжьхьа ашьҭахь асасцәа ирыдыргалоит акаҳуа ма ачаи.
Ирыдыргалоу аҩқәа шьыжьхьаҿы ирыдыргалоу иреиуоуп. Шьыбжьхьа иалагаанӡа ирыдыргалоит аперитив: ауатка, виски, иҵәу аҩы, ашәырӡ.
Шьыбжьхьа аамҭала 2-3 сааҭ ма инацны имҩаԥысуеит. Убри аан аишәа иахатәоуп сааҭк аҩныҵҟа. Егьи аамҭа асасааирҭа уадақәа рҿы ирхыргоит.
Ари аҩыза адкылараан амаҭәа аформа акостиум еиқәаҵәа, афрак ма асмокинг ракәхоит (ааԥхьараҿы ишарбахо аиԥш). Аҳәса ахәылԥаз-ҵкы ршәызароуп.
Ааԥхьарақәеи азынашьҭрақәеи
Адипломатиатә дкыларахь ааԥхьара атипографиаҿ икьыԥхьу абланк ианҵаны инарышьҭуеит. Ааԥхьара зҭоу ижәла, ихьӡ, имаҵзура напылаҩырала ма икьыԥхьны ианырҵоит. Убри аан анапылаҩыра еиҳа аԥыжәара арҭоит.
Амилаҭтә ныҳәа ма ҳәынҭқарратә усзуҩык ирызку, ма делегациак адкылара иазку адкылараан абланк ҷыдақәа аҿарҵоит. Абланк хыхьтәи ацәаҳәаҿы ианырҵоит адкылара ззымҩаԥгоу ахҭыс.
Ааԥхьарақәа нарышьҭуеит аҭыԥантәи апрактика иаҿырԥшны, адкылара арыцхә аҟынӡа ҩба-хԥа мчыбжь шагу.
Ааԥхьара иҵоуран аҭак ҟаҵазар шьыжьхьа, шьыбжьхьа, уаххьа ма аҽа дкылара-хкык рҭаара хымԥадатәиуп. Иазыԥхьагәаҭамыз ҭагылазаашьақәак ҟалар ауп ааԥхьара мап ацәкра аналшо.
Адкыларахь анеиреи адкылараҟынтә ацареи
Шьыжьхьа, шьыбжьхьа ма уаххьа, ма аҽа дкылара-хкык ахь RSVP ҳәа зну анаԥхьамҭа аиураан иарбоу аамҭа иахмырԥакәа инеитәуп. Агхара аетикет аилагара ҳәа ирыԥхьаӡоит. Аишәахь иахьнарымԥхьо адкыларақәа рахь анаԥхьамҭақәа рҟны адкылараамҭа анызар (иаҳҳәап 17.00 - 19.00; 18.00 - 20.00 у.у.е.) абри иарбоу аамҭа аҩныҵҟа иануҭаху унеир ма уцар ҟалоит. Аха убри аан асеиԥш иҟоу адкыларахь алагамҭаз анеиреи анҵәамҭаз ақәҵреи рыла асас аԥшәма иахьи уи итәылахьи аҳаҭырқәҵара ду ааирԥшуеит ҳәа аанагоит. Ус акәымкәа адкылара мҩаԥызго рахь ахьшәашәара аарԥшра аҭахызар, аамҭа кьаҿқәак аҟазаара ашьҭахь аԥшәмацәа абзиараз ҳәа раҳәаны ақәҵра ҟалоит.
Аофициалтә хаҿқәа адкылараҟынтә асасцәа еиҳабацәа раԥхьа иқәҵыр иашам ҳәа ишьоуп.
Ааԥхьамҭаҿы иарбоу аамҭа анаҩс адкылараҿы аанхара апротакол еиланагоит ҳәа ишьоуп.