Дресс-код адипломатиатә дкылараан.

Дресс-код адипломатиатә дкылараан.

Ахацәа рзы

Акостиум. Шьыжьхьа, акоктеиль, иара убасгьы асааҭ 20.00 рҟынӡа излаго егьырҭ адкыларақәа раан иршәырҵоит ула хызымкуа аԥшшәы змоу акостиум, адкылара – амилаҭтә ныҳәа, аҳәынҭқарра ахада, аиҳабыра рхада, адәныҟатәи аусқәа рминистр рҟынтәи ма рыхьӡала имҩаԥымсуазар. Иарбоу ахҭысқәа раан еиқәароу акостиум ашәҵара азгәаҭоуп.

Асмокинг ашәҵара ахәҭаны ианшьоу ааԥхьараҿы иадырбоит: «blacktie».

Афрак ашәҵара ахәҭаны ианшьоу ааԥхьараҿы иадырбоит: «whitetie».

Ахарԥи ахәыдхаҵеи. Адкыларақәа зегь раан ахарԥ шкәакәеи аҽа ԥшшәык змоу, аха иӷьаӷьам ахәыдхаҵеи ахәҭаны ишьоуп. Аҽа ԥшшәык змоу ахарԥ ашәҵара азыԥхьагәаҭам. Ахәыдхаҵа еиқәаҵәа аџьабараан мацароуп ахархәара анарҭо.

Ақалԥадқәа. Ақалԥадқәагьы улаԥш иҵашәо иҟамзароуп. Аиҳарак ирышьарҵо аиқәаҵәа ма ахәаԥшшә змоу роуп.

Ашьаҵа. Ашьаҵа аԥшшәы еиқәаҵәазароуп. Алакыруан шьаҵа асмокинг анушәу аныҟәгара алшоит.

Аҳәса рзы

Адкыларақәа раан зыԥшшәы еизадоу ацәамаҭәа ахәҭоуп, ахәдеи абӷеи рацәак иҭымхкәа.

Шьыжьхьаан зоура бжьаратәу аҵкы, аҵкы-костиум ма акостиум рышәҵара ҟалоит.

Асааҭ 20.00 рзы ма анаҩс излаго адкыларақәа раан уахынлатә-ҵкык ушәызар ахәҭоуп.

Ашьаҵа. Адкыларақәа раан ацәа, азамш ирылху, ибжьаратәу ма иҳараку ашьаҵа ушьазароуп. Ашьаҵа ҩычамзароуп. Аспорттә еимаа, арезина ма акаучук ҵа змоу ашьаҵа ашьаҵара ҟалом.

Адипломатиатә дкыларақәа раан ахьиралыхымҭа арацәара ахәҭаны ишьам.

 


X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: