Агреман

АГРЕМАН

ақәшаҳаҭра – иназышьҭуа атәыла адипломатиатә хаҭарнак иаҭаразы  издызкыло атәыла аиҳабыра рофициалтә қәшаҳаҭра.

· Агреман азы азҵаатәхәы ҟарҵоит адипломатиатә миссиақәа рхадацәа (ацҳаражәҳәаҩцәа) рганахьала мацара

· Агреман аиуразы еиҿыркаауеит аофициалтә ҩыратә зыҳәа аҿырҳәалатә жәахәынҵа аформала, иацырҵоит  ацҳаражәҳәаҩыс зкандидатура ықәгыло ахаҿы ибиографиатә дыррақәа.

· Акандидат ақәшаҳаҭра анирҭалак ашьҭахь person a grata (иаҭаху ахаҿы) ҳәа дҟалоит, официаллагьы иҭыԥ дшахагылаз рылаҳәахоит. Ақәшаҳаҭра зырымҭаз -  persona non grata (иаҭахым ахаҿы) ҳәа дҟалоит, имаҵурагьы  дзахагылом.

· Агреман аҿы амапкра ҵаҵӷәыс иамоу адкылара зураны иҟаз аҳәынҭқарра аламцәажәар ҟалоит.

· Жәларбжьаратәи ахымҩаԥгашьатә нормала агреман азы азыҳәа  аамҭакьаҿла, азыҳәа аныҟаҵаха ашьҭахь 30-мшы еиҳамкәа иҟаҵазароуп.

 


X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: