Аҳәаанырцәтәи ажурналистцәа Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны аккредитациа рыҭара аԥҟарра

Аҳәаанырцәтәи ажурналистцәа Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны аккредитациа рыҭара мҩаԥысуеит аҳәаанырцәтәи аинформациа амассатә хархәагақәа ржурналистцәа Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакыраҿы аккредитациа рыҭара Аԥҟара инақәыршәаны.

Аҳәаанырцәтәи ажурналистцәа аккредитациа рыҭара мҩаԥнагоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа-аналитикатә ҟәша Адепартамент.

Аҳәаанырцәтәи ажурналистцәа аккредитациа рыҭаразы иахәҭоу адокументқәа рсиа:

  1. Аккредитациа аиуразы аофициалтә шәҟәы.
  2. Ихарҭәаау анкета. Анкета ахы инаркны аҵыхәанӡа ихарҭәаатәуп. Иахәҭаны иҟоу аинформациа аҟамзаараан анкета иахәамԥшыр алшоит.
  3. Азыҳәа ҟазҵаз ипаспорт ахкьыԥхьаа (електронтә ԥошьҭала иаашьҭу). Убри аан игәаҭатәуп Аԥсны Аҳәынҭқаррахь шәалалара фымз шагу шәпаспорт аҿҳәара нҵәоу инымҵәоу.
  4. Авиза ахкьыԥхьаа.
  5. Ажурналист Иршаҳаҭга ахкьыԥхьаа.

Асканер иахыжьу, иарбоу адокументқәа рыхкьыԥхьаақәа аелектронтә ҟазшьа рыманы (аформат .pdf) раашьҭра алшоит e-mail: info@mfaapsny.org аԥошьҭахь.

Аамҭалатәи аккредитациа аҭаразы Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аӡбра аднакылоит адокументқәа анаашьҭха ашьҭахь 5 мшы рыҩныҵҟа.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны аккредитациа зауз аҳәаанырцәтәи ажурналистцәа ирыҭахоит аккредитациа шроуз азы Аршаҳаҭга (аккредитациатә карта).

Аккредитациатә карта аиуразы аҳәаанырцәтәи ажурналистцәа Аԥсны Аҳәынҭқаррахь ишааилак Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь идгылароуп:

Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аҭыӡҭыԥ:384900 ақ. Аҟәа, Лакоба им. 21;
аҭел.:+7 (840) 226-70-69;
е-mail: office@mfaapsny.org


Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: