Аԥсны иазку азеиԥш информациа

Аԥсны Аҳәынҭқарра (Аԥсны) – ихьыҧшыму, идемократиатәу, изинтәу ҳәынҭқарроуп, ҭоурыхла ишьқәгылеит ажәлар аҽҳәаақәҵаразы ирымоу азин инақәыршәаны.

Аофициалтә хьӡы:

Аԥсны Аҳәынҭқарра

Аҳҭнықалақь:

Аҟәа

Административтә-ҵакырадгьылтә еихшара:

Аԥсны аҵакырадгьыл 7 административтә раионк рыла еихшоуп: Гагратәи, Гәдоуҭатәи, Аҟәатәи, Гәылрыԥшьтәи, Очамчыратәи, Ҭҟәарчалтәи, Галтәи.

Аҳәынҭқарратә бызшәа:

Аԥсны ҳәынҭқарратә бызшәас иҟоуп аҧсуа бызшәа, аурыс бызшәа аҧсшәа инаваргыланы амилаҭқәа реилибакаара бызшәас иҟоуп.

Адинхаҵара:

Аԥсуаа реиҳараҩӡак ақьырсиан динхаҵара ныҟәыргоит, иҟоуп иара убас амсылманреи акатолицизми ныҟәызгақәо атәылауааи атрадициатә қьабзқәа ирықәныҟәо аҧсуааи.

Аԥара:

Аԥсны ахархәара амоуп аурыс мааҭ (rub).

Иқәынхо атәылауаа рхыҧхьаӡара:

242 826 

Аҵакырадгьыл:

Азеиҧш ҵакыра – 8665 км ҧшьыркца ыҟоуп. Мраҭашәарантә мрагылараӡа – 170 км, аладантә аҩада – 65 км. Зынӡа аҳәаақәа роура - 600 км инарзынаҧшуа инаӡоит, урҭ рҟнытә 390 км – адгьыл аҟны, 210 км – амшын аҟны.

Иҳаракӡоу ашьха:

Домбаи Ульген(4049м)

Аҳәаақәа:

Аҧсны аҵакырадгьыл ҳәаақәас иамоуп: ҩадантә – Кавказтәи Ашьхеибаркыра хада, ладантә – Амшын Еиқәа, мраҭашәарантә аӡиас Ҧсоу ала Урыстәылатәи Афедерациа иадуп, мрагыларантә – аӡиас Егры ала Қырҭтәыла иадуп.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: