Акультура

Аҧсуаа жәытә-натә аахыс Аҧсны иқәынхо, араҟа зхатәы культура аҧызҵаз жәларуп. Аҳауа аҧхарреи аҧсабара абеиареи аҧсуаа рыҧсҭазаашьа ахырхарҭа хадақәа шьақәнаргылеит – урҭ адгьыл иқәаарыхуан, арахә анырҵон, аҧсыӡ ркуан. Аҧсныҟа ҭоурыхла акрынытә ақәылаҩцәа ықәнагалон аҟнытә, аҧсуаа аибашьышьа бзианы ирдыруан, абџьартә ҟазарагьы дырҿиеит.

Аҧсуаа ркультура шьаҭас иамоуп «аҧсуара». Аҧсуа ҵарауаҩ аетнолг Шь Д. Инал-иҧа иажәақәа рыла, аҧсуара – ҭоурыхла ишьақәгылаз аҧсуаа рмилаҭтә хдырра аарҧшышьа аформоуп, уахь иаҵанакуеит ажәлар рдыррақәа, рҵас-қьабзқәа, рынхашьа аҧҟарақәа.

Аҧсуаа рҿаҧыцтә ҳәамҭақәа ирныҧшуеит адунеи ашашьеи Анцәеи рзы ирымаз ахаҵарақәа. Аҧсуа Нарҭтә епос аҟны иаарҧшуп Саҭанеи Гәашьа илыхшаз Нарҭ Сасрыҟәеи шәҩы еишьцәа Нарҭааи рфырхаҵарақәа.

Аҧсуа бызшәеи алитературеи

Аҧсуа бызшәа – Аҧсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә бызшәа – адунеи аҿы реиҳа ижәытәӡоу абызшәақәа рахь иаҵанакуеит. Хылҵшьҭрала еизааигәоу – еигәыцхәу абызшәақәеи (абаза бызшәа, аедыгьа бызшәа, аҟабарда бызшәа, аубых бызшәа) иареи Кавказтәи абызшәатә ҭаацәара иалоу аҧсуа-адыга бызшәатә гәыҧ шьақәнаргылоит. Иахьа ари абызшәатә агәыҧ иалоу абызшәақәа рыла ицәажәоит миллионк рҟынӡа ауааҧсыра, адиаспора алаҵаны.

Аҧсуа жәлар рзеиҧш бызшәа ашьақәгылараан, ажәлар ахьықәынхоз аҵакырадгьыл аҟны абызшәа еиуеҧшымыз адиалектқәа рыла аҽашеит.

1862 шықәсазы аурыс бызшәадырҩы кавказҭҵааҩ П. К. Услар раҧхьаӡа акәны аҧсуа бызшәа аграмматика ҭижьит, аурыс графика шьаҭас иҟаҵаны аҧсуа алфавитгьы аҧиҵеит. Аҧсуа сахьаркыратә литература аусхыршьҭаҵаҩыс дҟалеит Дырмит Гәлиа, 1913 шықәсазы иара иҭижьит раҧхьаӡатәи аҧсуа шәҟәы «Ажәеинраалақәеи ахьӡыртәрақәеи», ари арыцхә аҟнытә аҧсуа литературатә бызшәа ахы ыҵнахуеит. Асовет аамҭазгьы алитературатә бызшәа аҿиара амҩа иацнаҵо, амилаҭ иаку рбызшәа шьақәгылеит. Аамҭа кьаҿк иалагӡаны алитературатә бызшәа алексика хаҭәаауан аҧсуа бызшәа адиалектқәа рбеиара иабзоураны, иара убас аинтернационалтә ажәақәа ралаларала.

Аамҭа цацыҧхьаӡа аҧсуа литературатә бызшәа ахархәара есааира иҭбаахо иалагеит, ишьақәгылеит еиуеиҧшым астильқәа: аофициалтә-усуратә стиль, аҭҵаарадырратә, аинформациатә, насгьы зегь реиҳа аҿиара зауз – асахьаркыратә стиль. Аҧсуа литературатә бызшәа ашьақәгылареи аҿиареи рҿы даараӡа акыр аҵанакуеит ажәлар рҿаҧыцтә ҳәамҭақәа рбеиара, анаҩс арҿиаратә интеллигенциа, еиҳаракгьы ашәҟәыҩҩцәеи апоетцәеи: Дырмит Гәлиа, Самсон Ҷанба, Иуа Коӷониа, Баграт Шьынқәба, Иван Папасқьыр, Алықьса Гогәуа уҳәа рырҿиаратә усура.

Афольклор, ашәақәа, аепос

Аҧсуа милаҭтә культура апоетикатә фольклори, ашәақәеи акәашарақәеи рыла даара ибеиоуп.

Аҧсуа жәлар рашәақәа авокалтә мелодиеи ацәажәареи рыла еиларсуп. Иахьанӡагьы еиқәханы иҟоуп ажәытәӡатәи аџьа ашәақәа, амагиатә ҵакы змаз ашәақәа, алакәқәа, амифқәа, ажәеинраалақәеи ацуфарақәеи. Аҧсуа жәлар рашәақәа бжьы рацәала инарыгӡоит. Ахапа зҳәо ибжьы еиҳа иҵаруп, егьырҭ иара ицырҳәоит, аимпровизациа рацәангьы иҟарҵоит. Иҳәатәуп амузыкалтә фольклор аҟны аҳәса рашәақәа шыҟам, аҵәыуарақәеи, агарашәақәеи алаҳамҵозар. Реиҳа ижәытәтәиқәоу ашәақәа ашәарыцареи арахә рыхьчареи ирыдҳәалоуп, ааскьатәи ашәақәа ракәзар – жәлар рфырхацәа Кьахь Ҳаџьараҭ, Наҧҳа Кьагәа, Салуман Бӷажәба уҳәа ирзыркуан. Ахәра ӷәӷәа зауз ихьаа ахҽразы ирҳәо «Ахәрашәа» авариантқәа рцикл ыҟоуп. Аҧсрақәеи ачарақәеи рымҩаҧгарагьы иара ахатә ҧҟарақәа амоуп, абзиеи ацәгьеи раан аҧсуаа дасу ианаалаша ахымҩаҧгашьа шьақәдыргылеит, чаразар – акәашареи ашәаҳәареи агмыжькәа илахҿыхӡа имҩаҧысуеит, ҧсразар – иара ишаҭәоу еиҧш. Иҟоуп «Аҭацаагара ашәа», «Радеда» уҳәа уб. иҵ.

Аепикатә жанр ала аҧсуа жәлар иаҧырҵеит ижәытәӡатәиу аамҭақәа ирхылҿиааз аепосқәа: «Нарҭаа репос», иара убас аҧсуа Прометеи ҳәа изышьҭоу – Абрыскьыл изку аепос.

Нарҭаа репос аҧсуа-адыга жәларқәеи ауаҧсааи ирзеиҧшуп. Аха аҵарауаа реиҳараҩык ргәаанагарала, аҧсуа Нарҭтә епос егьырҭ ирҿырҧшны уахәаҧшуазар – реиҳа иархаикатәу аамҭа аныҧшуеит. Аепос аҟны иаарҧшуп шәҩы еишьцәа Нарҭаа дуқәеи, раҳәшьа заҵә Гәында-ҧшӡеи, ахааназ ажәра зқәым, зҳәатәы иахымҧо дара ран Саҭанеи-Гәашьеи рыҧсҭазаареи рфырхаҵарақәеи. Аепос фырхаҵа хадас дагәылагылоуп Нарҭаа рашьеиҵбы Сасрыҟәа, зхыҧхьаӡара рацәоу уи ифырхаҵарақәа роуп аепос асиужет хада шьақәзыргылогьы.

Амифологиатә мотивқәа шьаҭас изманы еиҳа ааскьатәи аамҭазы иҿиаз Абрыскьыл изку аепос иҳанаҳәоит Анцәа иҿагылоз жәлар рфырхаҵа Абрыскьыл иҭоурых. Аепос излаҳәо ала Абрыскьыл иааирҧшыз ахамаҧагьаразы Анцәа Уатаҧтәи аҳапы дҭаҿаиҳәеит. Иахьа ари аҳаҧы «Абрыскьыл иҳаҧы» ҳәа иашьҭоуп, аҧсшьаҩцәа аҭаауеит.

Амузыкеи акәашарақәеи

Аҧсуа жәлар рмузыкатә инструментқәа рҟынтә реиҳа зыхьӡ нагоу рахь иҧхьаӡоуп аҧхьарца – ҩ-рахәыцк зыҵдоу ахыцтә музыкатә инструментуп, нас аҩымаа – аҽхәыц иалху арахәыцқәа 14 зыҵдоу музыкатә инструментуп, ахьӡ ишаҳәо еиҧш, ушьамхы иқәҵаны ҩ-напык рыла иурхәмаруеит.

Аҧсыҧтә музыкатә инструментқәа рахь иаҵанакуеит аҿарпын – 4, ма 6-ҿышәҭак змоу флеитоуп, аҿарпын иалырхуеит, анаҩс сахьала ирҩычоит; абыкь акәзар, уи араса ацәа иалыхуан, ашәа адырҳәон насгьы аҟабақ хәҵәы х-ҿышәҭак аҭаны.

Аҧсуаа рмузыкатә интсрументқәа рахь иаҵанакуеит иара убас адаулқәеи, хкы рацәала аҟаҧҟаҧқәеи. Аҟаҧҟаҧқәа амхаҟны аҵарақәа рыршәаразгьы ахархәара рыман, урҭ рыбжьы дууп, еиҳаракгьы аҩнапык рыла уанрысуа.

Аҧсуа жәлар рыкәашарақәа – реиҳа иҿианы иҟоу ажәлар рҟазара хкқәа рахь иҧхьаӡоуп. Аҧсны иҟоуп ипрофессионалтәу акәашаратә ансамбльқәа акымкәа-ҩбамкәа, иҟоуп ахәыҷтәы хореографиатә студиақәагьы. Ансамбльқәа ррепертуар иалоуп афольклортә, ақьабызтә, аритуалтә ҵакы змоу акәашарақәа реиҧш, Кавказ ажәларқәа рыкәашарақәагьы.

Амаҭәа, ашәҵатәы

Аҧсуаа рматериалтә культура ихадароу ахәҭақәа рахь иҧхьаӡоуп амаҭәа. Амаҭәала ауаҩы дызҿу, изанааҭу удыруан. Аритуалтә ҵакы змаз амаҭәеи, иахьеи-уахеитәи амаҭәеи, аныҳәақәа раан иршәырҵоз амаҭәеи ҳәа хаз-хазы аихшара ыҟан.

Реиҳа ижәытәтәиу, иахьанӡагьы иааӡаз аҧсуа хаҵа маҭәоуп акәымжәы. Акәымжәы аҵаҟа иршәырҵон ахәдаҿы иҳаракны еибакуаз акьаҿ, нас аиқәа, шьаҵатәыс иҟан ажәцәеимаақәа. Анҭыҵ азы ирышьарҵон асахҭан иалхны аҩны ирӡахуаз аимаақәа. Ирышьарҵон иара убас ашьамхаҟынӡа иҩаӡоз аимсақәа. Ахацәа ирхарҵон ахҭырҧа.

Аҽыуаҩ хымҧада ауапа ишәызар акәын, уи ажәҩахырқәа шьҭыхны аҽуаҩ ианишәу еиҳа деинаалан дҟанаҵон, дараамысҭашәон.

Аҳәса рымаҭәа ҭоурыхла абарҭ ахәҭақәа рыла ишьақәгылан: зоура шьапышәара илеиуа аҵкы, акьаҿ, ҵаҟатәи аипкақәа ҩба, аиқәа, акасы ма ахылаҧа. Аҵыкқәа зегьы аӡараҿы ирхханы маҟала иҿарҳәон, амаҟа даара ирҧшӡаны иҟаҵазар акәын, убла хнакыртә еиҧш. Хыхьтәи акьаҿ еиҳа икьаҿзар ауан, уигьы аӡаранӡа ацәа иадшәало иҟан, анаҩс иаартын.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: