Аҳәынҭқарратә шьақәгылашьа

Аҳәынҭқарра Ахада

Аҧсны Аҳәынҭқрра апрезидент – Аҳәынҭқарра Ахадас дыҟоуп. Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада аҩныҵҟатәи, адәныҟатәи аполитикақәа рхырхарҭа хадақәа шьақәиргылоит, Аҧсны Аҳәынҭқарра Арбџьармчқәа напхгара рзиуеит. Аҳәынҭқрра Ахада Аҧсны атәылауаа далырхуеит 5 шықәса ҿҳәарас иҭаны.

Азакәанҧҵаратә мчра

Аконституциаҟны ишьақәырӷәӷәоу азакәанҧҵаратә зинмчқәа зегьы нанагӡоит Аҧсны Жәлар реизара – Апарламент. Жәлар реизара шьақәгылоуп 35-ҩык адепутатцәа рыла. Апарламент ахь алхрақәа мҩаҧысуеит зегьы еицырзеиҧшу алхратә зин шьаҭас иҟаҵаны.

Анагӡаратә мчра

Аҧсны Аҳәынҭқарра Анагӡаратә мчра Аҳәынҭқарра Ахада инапаҵаҟа иҟоуп. Аҧсны аҵакырадгьыл иахьаҵанакуа анагӡаратә усура шымҩаҧысуа агәаҭаразы Аҳәынҭқарра Ахада напхгара аиҭоит Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара. Аминисрцәа реилазаара Аҳәынҭқарра Ахада ишьақәиргылоит. Аминистрацәа реилазаара иалахәуп Аҧыза-министр, Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩцәа, аминистрцәа, егьырҭ азакәан аҟны иарбоу аҳәынҭқарратә усзуҩцәа.

Аӡбаратә мчра

Азинтә ӡбара Аҧсны иназыгӡо аӡбарҭа мацара ауп. Анхамҩатә еимакқәа еилнаргоит Абжьаҟазаратә ӡбарҭа. Аҧсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Ахантәаҩи уи алахәылаҩцәеи, Абжьаҟазаратә ӡбарҭа Ахантәаҩи аӡбаҩцәеи Аҧсны Ахада иабжьгарала Апарламент иалнахуеит. Аҧсны Аҳәынҭқарра иреиҳаӡоу аӡбаратә мчра нанагӡоит Аҧсны Иреиҳаӡоу Аӡбарҭа. Ацәгьоурақәа рыҭҵаара азакәан иахьынӡақәшәо, аӡбарҭаҿы аҳәынҭқарратә харадҵара амҩаҧгара, аҳәынҭқарреи атәылауааи ринтересқәа рыхьчара иазку азыҳәарақәа аӡбарҭахь адгалара, аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи, аҭыҧантәи аусбарҭақәеи, ачынуааи изакәантәымкәа еиқәдыршәаз актқәа рҭыӡшәагара –абарҭ зегьы мҩаҧигоит Аҧсны Аҳәынҭқарра Апрокурор хада иара инапаҵаҟа иҟоу аҭыҧантәи апрокурорцәеи. Аҧсны Аҳәынҭқарра Апрокуратура аусбарҭақәа системакны иеидҳәалоуп, русурагьы нарыгӡоит егьырҭ амчрақәа ирхьыҧшымкәа.

Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: