Аҳәынҭқарратә символика

Агерб

Герб-Абхазии.gif

Аҧсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә герб зну хыхьла-ҵаҟала еиҟароу ҩ-хәҭакны ишоуп, ахәҭақәа руак - ҧшшәыла ишкәакәоуп, егьи – иаҵәоуп. Агерб ацәаареии асиужеттә еиҿартәышьеи - хьыҧшшәалоуп. Агерб аҵаҟатәи ахәҭаҟны аа-кәакьк змоу аеҵәа ануп.

Хыхьтәи ахәҭа аҟны иануп ҩ-еҵәа хьыҧшшәалак. Агерб агәҭаны – аеҵәақәа рахь ахҿа зышьҭуа аҽуаҩ, алакә ҽы – Арашь дақәтәан, дануп.

Агерб асиужет Нарҭаа репос иадҳәалоуп. Агерб аҧшшәахәы иаҵәа символра азнауеит аҿареи аҧсҭазаареи, ашкәакәа – адоуҳара. Аа-кәакьҭак змоу аеҵәа ду, ари аиҭеира асолиартә дыргоуп. Аеҵәа хәыҷқәа  Мраҭашәареи Мрагылареи ркультурақәа реизакзра символра рзыруеит.


Абираҟ

Флаг-Абхазии.gif

Аҧсны Аҳәынҭқарра абираҟ ашәага-загақәа - ауреи аҭбаареи 2:1 ҳәа аизыҟазаашьа рымоуп. Аура ахы-аҵыхәа аиаҵәа ҧшшәи ашкәакәа ҧшшәи рыла зҽеиҭнызыҧсахло ацәаҳәақәа ануп, урҭ рахьынтәи ҧшьба иаҵәоуп, хҧа – шкәакәоуп. Хыхьла ацәаҳәақәа алагоит иаҵәа ҧшшәыла. Аиаҵәа-шкәакәа цәаҳәақәа, Аҧсны злахәылаз Ашьхаруатә республика (1918ш.) абираҟ аелементқәа ируакуп. Аиаҵәа ҧшшәы аҧсҭазаара иасимволуп. Ашкәакәа – атәыла ҧхьаҟатәи аҧеҧш.

Хыхьтәи армарахьтәи акәакь аҟны абираҟ иануп ҧшшәахәыла иҟаҧшьу аҧшьыркца иаша, абираҟ аураҟынтәи 0,38, аҭбаараҟынтә х-цәаҳәаки иҟоу ахышәа-ҵышәала. Аҧшьыркца агәҭаны иарбоуп иаарту амаҿа шкәакәа. Анапы ахахьала иаҿыкәыршоуп – хәба-хәба кәакьҭа змоу аеҵәа шкәакәақәа быжьба.

Иаарту анапи аеҵәа шкәакәақәа быжьбеи Аҧсуа ҳәынҭқарра (7-10 ашә.) абираҟ иаҿырҧшуп. Аҟаҧшь – ари арратә фырхаҵара иасимволуп, иаарту амаҿа – аҭынчреи, агәаартреи асасдкылареи ирсимволуп. Аҧшшәахәы ҟаҧшь аҟны иаарту анапы шкәакәа  ари – Аҧсуа аҳра аан аиҿкаара зауз, 12 шәышықәса инареиҳаны изхыҵуа, аҧсуа ҳәынҭқарра иасимволуп. Анапы ахахьы иану хә-кәакьҭак змоу абыжь еҵәак Аҧсны аҭоурых дгьылқәа быжьба ирдыргоуп: Саӡтәыла (Џьигетиа), Бзыҧ, Гәыма, Абжьуа, Самырзаҟан, Дал-Ҵабал, Ҧсҳәы-Аибҕа. Дара ирыҵаркуан аҧсуаа ретникатә ҵакырадгьыл: аӡиас Хәасҭа (аубыхцәа рҳәаа ) инаркны аӡиас Егры (агырцәа рҳәаа) аҟынӡеи Амшын Еиқәа аҟынтәи Кавказтәи ашьхақәа рҟынӡеи.


Агимн

Аиааира - Аҧсны Аҳәынҭқарра амилаҭтә гимн. 1992 шықәсазы, Аҧсны ахьыҧшымра аназхарҵа ашьҭахь ишьақәырҕәҕәан аҳәынҭқарратә гимн. С. Багаҧшь атәыла Ахадас даналырх ашьҭахь, жьҭаара 24 2007 шықәса рзы, ахҧатәи аҧхьарала ирыдкылан азакәанҧҵара “Аҧсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә гимн азы”. Аҧсуа гимн шьаҭас иаиуит Қырҭтәылатәи Адемократиатә республика ар Аҧсны аоккупациа аназыруз аамҭазтәи ашәа “Кьараз”.


Агимн ажәақәа:
Шәнеибац, шәнеибац,
Аҧсуаа рыҷкәынцәа.
Аҧсны азыҳәан
Ашьа казҭәаз,
Аҧсуаа рыҷкәынцәа.
Ахақәиҭраз
Ашьа казҭәаз,
Аҧсуаа рыҷкәынцәа.
О-ҳо-ҳо-о ҳо-о-Рада
О-ҳо-ҳо-о ҳо-о-Рада-Ра!
Ажәҩан мрадоуп, еҵәадоуп
Уара уда Аҧсынра!
Еҵәa-бырлаш Аҧсынтәла,
Улҧха згәаҵақәа ирҭыҧхо,
Геи-шьхеи рыҧшӡара заҧшнылаз.
Жәлар ламысла иҳаракоит.
Рада, Реида, Рарира
Рада, Рерама, Рерашьа.
Нарҭаа риирa-зиироу
Афырхацәа Ран-Гуашьа
Аҧсынтәыла-иҧшьоч атәыла
Зхы здиныҳәалаз Анцәа
Зқьышықәасала имҩасхьо гылоуп
Рыжәаҩа еибырҭоит уҧацәа.
Шәнеибац Аҧсныжәлар!
Аишьцәа, шәнеибац!
Нхыҵ-аахыҵ ҳаицуп!
Ҳазшаз илаҧш
Ҳхыуп иаҳхымәо
Ҧеҧш лаша ҳзышуп!
Шәнеибац, Аҧсныжәлар,
Игылеит ҳамра,
Иақәым ҭашәара!
Урылагәыргьа,
Анра-аҳшара
Шьардаамҭа, Аҧсынра.


Иҵоуроу азхьарԥшқәа

 
 
 
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: