Ажәабжь ҿыцқәа
05.02.2024 852
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Шьамтәылатәи Арабтә республика адәныҟатәи аусқәеи аҳәаанырцә инхо аџьынџьуаа рызҵаарақәеи рминистр Феисал Микдад 70 шықәса ихыҵра амш идиныҳәалеит.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра аколлектив аԥсуа дипломат, Урыстәылатәи Афедерациаҟны Аԥсны раԥхьатәи ацҳаражәҳәаҩ, аорден «Ахьӡ-Аԥша» II, III аҩаӡарақәа занашьоу Игор Ахба 75-шықәса ихыҵра идырныҳәалеит.
02.02.2024 700
Жәабран 2, 2024 шықәсазы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьааи Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны азинмчнагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариеи онлаин-еилацәажәара мҩаԥигеит.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба 2024 шықәса жәабран 2 азы Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла азинмч нагӡа змоу ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев дидикылеит.
Аиԥылара аҳәаақәа ирҭагӡаны аганқәа ргәаанагарақәа еимырдеит аинтерес ззеицрымо азҵаарақәа рганахь ала, ҷыдала Женеватәи аиҿцәажәарақәа рылахәра аганахь ала.
Аиԥылара мҩаԥысит аиҩызаратә ҟазшьа аманы.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи W20 аҟны Урыстәылатәи Афедерациа ахаҭарнак, БРИКС аексперттә напхгаҩы Викториа Пановеи жәабран 2, 2024 шықәсазы онлаин-еиԥылара мҩаԥыргеит. Аиԥылара далахәын Аԥсны аспорт азы Аҳәынҭеилакы ахада Ҭарашь Ҳагба.
Шьамтәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Мухаммад Али Шьамтәыла АдәАР ахада Феисал аль-Микдад агәраргагатә шәҟәқәа ииҭеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АдәАр апресс-маҵзура.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациатә каналқәа ркоординатор Милана Ҳашԥҳа иҟалҵеит ахҳәаа:
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рымадаразы адепартамент аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Саид Оҭырба ихҳәаа:
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура аиҳабы Милана Ҵәыџьԥҳа ахҳәаа алҭеит Аахыҵ Кавказ ЕЕ ахаҭарнак ҷыдас иҟоу Таиво Клаар 2024 шықәса жьҭаарамзазы Аԥсны аҭаара шилымшо "аҭыԥқәа рҿы ипартниорцәа" уи ҟалашьа амам ҳәа ахьиарҳәаз аҟнытә ҳәа иҳәамҭа:
Шьамтәыла инхо ҳџьынџьуаа ацхыраара рыҭаразы, ахәаахәҭра-економикатә, акультуратә, агуманитартә еимадарақәа рырҿиаразы Шьамтәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭаҿы иаԥҵоуп аконсултә ҟәша.
23.01.2024 510
Шьониа Сибратәи Афедералтә округ иаҵанакуа Урыстәыла асубиектқәеи Аԥсни ганрацәалатәи реинырра азҵаарақәа рыӡбра мҩаԥигалоит.
22.01.2024 643
1993 шықәса ажьырныҳәа 22 азы, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз аамҭазы, Аԥсни Приднестровиеи рнапы зҵарҩыз Аиҩызареи аусеицуреи рзы аиқәшаҳаҭра раԥхьатә ҳәынҭқаррабжьаратә еиқәышаҳаҭроуп. Иара иаанарԥшуан ареспубликақәа аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵаразы рҽазышәарақәа.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба 2024 шықәса ажьырныҳәа 20 рзы Шьамтәыла аҳҭнықалақь Дамаск анхарҭа ҩны иахьеихсыз дақәыӡбо аҳәамҭа ҟаиҵеит.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Аԥсны иҟоу Приднестровиа-Молдавтәи Ареспублика аофициалтә Хаҭарнакра ахада Гарри Кәпалба дидныҳәалеит.
70-ҩык зҭаз апассаџьыртә автобус ааҳәит Никарагуа, адепартамент Матагальпа амуниципалитет Мансера аҟны.
Ареспублика Никарагуа иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ Александр Хохоликов инаԥхьарала Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа Урыстәылеи Никарагуеи реиҩызара Амш иазкыз адипломатиатә уснагӡатә далахәын.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашәарҭадаратә маҵзура Ахантәаҩы Ҭемур Ахьиба Аԥсны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара аусбарҭақәа русзуҩцәа Рымш идиныҳәалеит.