Ажәабжь ҿыцқәа
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ареспублика Вануату Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адныҳәаларатә нота нанашьҭит Вануату Аконституциа амш инамаданы.
04.10.2017 1523
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Каталониатәи ахаҭарнык Хусам Кәыџбеи Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи ахаша, жьҭаара 4 рзы еиԥылеит.
Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистр Витали Игнатьеви Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика аҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра ахаҭарнакс иҟоу Александр Ватамани реиԥылара мҩаԥысит жьҭаара 4 рзы Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны.
03.10.2017 888
Аҧсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Шьамтәыла Жәлар Рхеилак аделегациа дырҧылеит. Аиҧылара аҿы аҩганктәи аусеицура азы аперспективақәа ирылацәажәеит.
2017 шықәса жьҭаара 1 азы Каталониа Испаниа иалҵырц азы имҩаԥгаз ареферендум аҟны зыбжьы зҭииз рҟынтәи 90% ахьыԥшымраз иқәгылеит. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ари ахҭыс иацклаԥшуеит аинтерес кны.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Тувалуҟа адныҳәаларатә шәҟәы ашьҭитАхьыԥшымра мшныҳәа ду аҳаҭыразы.
30.09.2017 976
Цәыббра 30 рзы Аԥсны иазгәарҭон Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҟны иналукааша арыцхә, Ахақәиҭтәра 24-шықәса ахыҵра. Абри амш аҽны Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапхгареи аусзуҩцәеи Ахьӡ-аԥша апарк аҟны иҟоу Амемориал аҿаԥхьа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит. Дара иара убасгьы иаҭааит Аԥсны раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба анышә дахьамадоу ақыҭа Ешыра.
27.09.2017 1361
Ахаша, цәыббра 27 рзы асааҭ 14 инаркны асааҭ 16 рҟынӡа Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны имҩаԥысуан «ишиашоу аимадара». Феисбук аҭааҩцәа рызҵаарақәа арежим онлаин ала изынарышьҭуан Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба.
26.09.2017 1058
Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра, аиааира амш инамаданы, аҳәаанырцәынтәи Аҧсныҟа аара иаҿуп Кавказаа рхылҵшьҭрақәа.
22.09.2017 931
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Кан Ҭаниеи Аԥсны иҟоу «Амлакра иаҿагылоу аиҿкаара» (ACF) аофис ахада Ервин Блауи аиԥылара мҩаԥыргеит.
22.09.2017 872
Ахаша, цәыббра 27 рзы асааҭ 14 инаркны асааҭ 16 рҟынӡа Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны имҩаԥгахоит «ишиашоу аимадара».
21.09.2017 1485
Абарҭ амшқәа рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра аофициалтә делегациа Аахыҵ Уаԥстәыла иҟан, Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика ашьақәгылара 27-шықәса ахыҵра Амш иазку аныҳәатә уснагӡатәқәа аҽрылархәразы.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адашшыларатә шәҟәы ашьҭит Мексикатәи Еиду Аштатқәа Адәныҟатәи русқәа Амаӡаныҟәгарҭахь цәыббра 19 рзы аҭыԥ змаз адгьылҵысра инадҳәаланы.
Аҧсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрраҿы Кавказнҭыҵ аҭышәынтәалареи ашәарҭадареи рзы Женеватәи жәларбжьаратәи аилацәажәарақәа рыцхантәаҩцәа реиҧылара мҩаҧысит.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адныҳәаларатә нота нанашьҭит Боливариантәи Ареспублика Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь ҳтәылақәа рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәгылеижьҭеи аа-шықәса ахьҵыз инамаданы.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адныҳәаларатә нота нанашьҭит Никарагуа Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь ҳтәылақәа рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәгылеижьҭеи аа-шықәса ахьҵыз инамаданы.
09.09.2017 801
Иахьа иҵит жә-шықәса Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьарҵеижьҭеи.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи Аԥсны иҟоу Приднестровиа Молдавиатәи Ареспублика Ахаҭарнак ҷыда Гарри Кәыпалбеи реиԥылара мҩаԥысит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Приднестровиа Молдавиатәи Ареспублика Адәныҟатәи Аусқәа рминистррахь адныҳәаларатә шәҟәы нанашьҭит Ареспублика Амшныҳәа инадҳәаланы.