Абҵара 18 азы Аҷыдалкаатәи азинмчы змоуи Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа Ареспублика Никарагуа аекономика аминистрра анаԥхьарала даҭааит ареспублика есышықәсатәи анаплакыҩцәа рфестиваль. Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа Ареспублика Никарагуа аекономика аминистр Хустои Перес дицны никарагуатәи анаплакыҩцәа раалыҵ гәеиҭеит.
Ԥхынҷкәынмзазы «Ажәларқәа рқьырсатәи ргастрономиатәи традициақәа рфестиваль» аҳәаақәа ирҭагӡаны аԥснытәи аалыҵ ахьӡыргахо аҭыԥ ахь инеиит.
Ауснагӡатә иалахәын Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа ахаҭарнакцәеи аҳәаанырцә-тәылақәа рдипломатцәеи.