Ажәабжь ҿыцқәа

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны имҩаԥысит Женеватәи аиҿцәажәарақәа 40-тәи рраунд аихшьаалақәа рзы апресс-конференциа.
26.06.2017 845 Анотақәа
Даур Ақаҩба Самуель Монкада Боливариантәи Ареспублика Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистрс иҟаҵара идиныҳәалеит
Рашәарамза 20-21 2017 шықәса рзы Женева имҩаԥысит Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭынчреи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа 40 рраунд.
Дон иаԥну Ростов аҟны Ростовтәи аобласт аҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳаҭыртә Консул Адик Аршбеи Ростов ақалақь Ахада Витали Кушнареви еиԥылеит.
Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны имҩаԥысит Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи рыдәныҟаполитикатә механизм акоординациа амҩаԥгара аҳәаақәа ирҭагӡаны изаамҭанытәиу аконсультациақәа.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны азхьаԥшра арҭеит Литва Адәныҟатәи аусқәа рминистр, иара Қырҭтәыла усутә визитла даныҟаз иҟаиҵаз аҳәамҭақәа. Аминистр даҭаан дыҟан аԥсуа-ақырҭуа ҳәынҭқарратә ҳәаа иаԥну аҭыԥқәа. Уа иара ааԥхьара ҟаиҵеит Аԥсны азхамҵареи аҭахкаареи рус иацҵазарц, иара убасгьы урыстәылатәи амчрақәа атәыла аннаксиа азыруит ҳәа азгәеиҭеит.
06.06.2017 755
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Олег Аршба диԥылеит Аԥсны иҟоу Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика аофициалтә Хаҭарнакра аиҳабы Гарри Кәпалба. Аиԥылара далахәын иара убасгьы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ицхырааҩ Гьаргь Думаа.
15.03.2017 1267
Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла алахәыла Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат «Ахьӡ-аԥша» аорден I аҩаӡара занашьоу Аԥсны Жәлар Рышәҟәыҩҩы А.Н.Гогәуа имш иира идиныҳәалеит
22.02.2017 865
Аганқәа аинцидентқәа раԥыхреи рызхьаԥшреи рзы амеханизмқәа (МПРИ) аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩасларц еибырҳәеит. Аганқәа аинцидентқәа раԥыхреи рызхьаԥшреи рзы амеханизмқәа (МПРИ) азҵаарала анаҩстәи реиԥылара хәажәкыра 21 2017 шықәсазы имҩасуеит ҳәа еибырҳәеит.
20.02.2017 934 Анотақәа
Даур Ақаҩба, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр адашшыларатә шәҟәы изишьҭит Урыстәыла Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров, иааиԥмырҟьаӡакәа Урыстәыла Афедерациа Ахаҭарнакс ООН иҟаз Витали Чуркин иԥсҭазаара иалҵра инамаданы.
Имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи Аахыҵ Кавказ ашәарҭадарази аҭынчра аҭышәныртәаларази Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа Анти Турунени (ООН ахаҭарнак) Хаилу Мамои (ООН ахаҭарнак ҷыда) русутә еиԥылара.
17.02.2017 1175
Москва, Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәырҭаҿ имҩаԥысит Аҟәеи Волга иаԥну ақалақьқәеи рыбжьара аусеицуразы Аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны Нижни Новгород аекономикатәи акультуратәи лшара аӡыргара.
15.02.2017 810
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Кан Ҭаниа дидикылеит Аладатәи Кавказ аҟны Евроеидгыла (EUSR) ахаҭарнакс иҟоу Герберт Зальбер. Аиԥылара иалахәын Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапынҵаҷыдақәа змоу Ацҳаражәҳәаҩ Ҭенгьиз Ҭарба, Аладатәи Кавказ аҟны Евроеидгыла (EUSR) аофис ахаҭарнакцәа Бьорн Куене, Том Триер и Эммануэль Анкетиль.
Москва, Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны имҩаԥысыз Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Григори Карасини Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи реиԥылараан ирылацәажәеит атәылақәа рыҩба реизыҟазаашьақәа рырҭбаара азҵаарақәа.
10.02.2017 1188
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Адипломатиатә усзуҩы имш инадҳәаланы Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Сергеи Лавров адныҳәалара изынаишьҭит.
09.02.2017 1160
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Никарагуа Ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Луис Альберто Молина Куадра имшира инадҳәаланы адныҳәаларатә нота изишьҭит.
07.02.2017 1884
Урыстәылатәи Афедерациаҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчы нагӡа зманы иҟоу Ацҳаражәҳәаҩ ҷыда Игор Ахба дидикылеит Урыстәылатәи Афедерациаҟны усутә визитла иҟоу Боливариантәи Ареспублика Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Самуель Монкада.
07.02.2017 778
Жәабран 7 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ идикылеит аполитика азҵаарақәа рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҟны ООН Ахаҭарнакцәа Ирина Егоровеи Абдукакхор Нурови.
Урыстәылатәи Афедерациаҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчы нагӡа зманы иҟоу Ацҳаражәҳәаҩ ҷыда Игор Ахба дидикылеит Урыстәылатәи Афедерациаҟны иҟоу Боливариантәи Ареспублика Венесуела Ахаҭарнак Хосе Грегорио Ескалона
05.02.2017 772
Урыстәылатәи Афедерациаҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчы нагӡа зманы иҟоу Ацҳаражәҳәаҩ ҷыда Игор Ахба имшира идиныҳәалеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: