Лаҵарамза 19, 2026 шықәса рзы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә Зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Гаити Ареспублика Ацҳаражәҳәарҭа ааԥхьарала Гаити аҳәынҭқарратә бираҟ Амш 223-шықәса ахыҵра азгәаҭара иазкыз аныҳәатә церемониа ихы алаирхәит.
Ацеремониа мҩаԥысит Каракас Амилаҭтә пантеон аҿы Ахақәиҭтәҩы Симон Боливар иҭоубыҭ аҿаԥхьа.
Аусмҩаԥгатә напхгара арҭон Карибтәи аӡҭарчы аусқәа рзы Венесуела Аҳәаанырцәтәи аусқәа рзы жәлар рымчра аминистр ихаҭыԥуаҩ Рауль Ли Каузи Венесуела иҟоу Гаити аҷыдалкаатә Зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Жан Мари Вавали.
Аныҳәатә усмҩаԥгатә рхы аладырхәит Венесуела аккредитациа змоу адипломатиатә миссиақәа рыцҳаражәҳәаҩцәеи рхадацәеи, Венесуела аҳәаанырцәтәи аусқәа рзы жәлар рымчра Аминистрра ахаҭарнакцәа, АИХқәа русзуҩцәа уҳәа ҳаҭыр зқәу асасцәа.