Ажәабжь ҿыцқәа
Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҿы иҟоу ачерқьес гәыҳалалратә Ассоциациа ааԥхьарала Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә Зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али Шьамтәыла иҟоу ачерқьес гәыҳалалратә Ассоциациа афольклортә музыкатә коллектив ансамбль «Аслан» ахьықәгылаз амузыкатә хәылԥазы «Кавказ ахаҭа аҟынтәи» даҭааит.
Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә Зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Венесуела иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа аҷыдалкаатә Зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Сергеи Мелик-Багдасаров иааԥхьарала Урыстәыла адипломатиатә усзуҩы Имш иазкыз аныҳәатә усмҩаԥгатә ихы алаирхәит.
Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспубликаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Аофициалтә Хаҭарнакраҿы имҩаԥысит Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспубликаҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә зинмчы змоу ахаҭарнак Александр Ватамани ареспубликатә газеҭ «Приднестровие» аредактор хада Александр Карасеви русуратә еиԥылара.
Ажьырныҳәамза 28, 2026 шықәса рзы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә Зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Венесуела адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ааԥхьарала Венесуела ахада инапынҵақәа назыгӡо Делси Родригес Гомес лҭоубашьҭаҵара аофициалтә церемониа ихы алаирхәит.
Ажьырныҳәа 20 рзы ПМР Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны имҩаԥысит Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистр Витали Игнатиеви ПМР иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчы змоу ахаҭарнак Александр Ватамани русуратә еиԥылара.
2026 шықәса ажьырныҳәамза 15 рзы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа Венесуела адәныҟатәи аусқәа рминистрра ааԥхьарала Венесуела ахада инапынҵақәа назыгӡо Дельси Родригес Гомес иҟалҵоз есышықәсатәи анашьҭымҭа иазкыз аилатәара ҷыда ихы алаирхәит.
Ԥхынҷкәынмза 19 рзы Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспубликаҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчы змоу ахаҭарнак Александр Ватаман онлаин-конференциа «Приднестровие - 35 шықәса жәларбжьаратәи акоординатқәа рсистемаҿы» ихы алаирхәит.
Ԥхынҷкәынмза 16, 2025 шықәса рзы Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа, Венесуела адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ааԥхьарала Боливариантәи Ареспублика Венесуела Адәныҟатәи аусқәа рминистр Иван Хиль имҩаԥигаз ашықәс ҿыц аламҭалазтәи аныҳәатә еиԥылара ихы алаирхәит.
Манагуа имҩаԥысит раԥхьатәи жәларбжьаратәи афорум«Никарагуа аекспорт мҩаԥнагоит 2025: Аекспорттә лшарақәа аџьармыкьа ҿыцқәа рахь рнагара» аартра иазкыз аныҳәатә церемониа.