Ажәабжь ҿыцқәа
23 February 2019 1013
Аԥсадгьыл ахьчаҩ имш азы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Приднестровиатәи Молдавиатәи ареспублика Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь адныҳәалара ҟанаҵеит
Жәабран 14 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба, Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Џьансыхә Нанба напхгара зиҭоз аделегациа далахәны Шәача ақалақь аҿы имҩаԥысуаз Урыстәылатәи аинвестициатә форум «Факторы успеха: идеи, кадры, компетенции» аилатәараҿ дыҟан.
Жәабран 13 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапынҵа ҷыдақәа змоу Ацҳаражәҳәаҩ Вито Гриттани ООН иҟоу Шьамтәыла ахаҭарнак Хусам Еддин Ала диԥылеит.
Москва ақалақь аҿы хәажәкырамза 11, 2015 шықәса рзы Аҧсни Урыстәылеи адәныҟатәи аусқәа Рминистррақәа ирыбжьарҵаз Амеморандум ишьақәнарҕәҕәаз адәныҟаполитикатә координациа амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны, изаамҭанытәиу аконсультациақәа мҩаҧысит.
13 February 2019 523
Жәабран 13 рзы имҩаԥысит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәбеи аиҿкаара The HALO Trust ихьыԥшым аексперт Девис Пол Ентони реиԥылара. Аиԥылара иалахәын The HALO Trust апрограмматә менеџьер Исмет Задеи уи ихаҭыԥуаҩ Мери Кеннингтони.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Даур Ақаҩба Адипломатиатә усзуҩы имш инадҳәаланы Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи Аусқәа рминистр Сергеи Лавров адныҳәалара изынаишьҭит.
Жәабран 7 Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы имҩаԥысит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи Алада Кавказ азҵаарақәа рзы Евроеидгыла ахаҭарнак ҷыда Таиво Клаари реиԥылара мҩаԥысит. Аиԥылара иалахәын иара убасгьы Алада Кавказ азҵаарақәа рзы Евроеидгыла ахаҭарнак ҷыда аполитикатә зҵаарақәа рзы иабжьагаҩ Еммануель Анкетиль, Алада Кавказ азҵаарақәа рзы Евроеидгыла ахаҭарнак ҷыда аполитикатә зҵаарақәа рзы иабжьагаҩ Мадара Силин, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рнырразы адепартамент аиҳабы Артур Гагәылиа.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ареспублика Науру Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адныҳәаларатә нота азынанашьҭит, Ахьыԥшымра амш инадҳәаланы.
Ажьырныҳәа 25 рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы имҩаԥысит аминистр Даур Ақаҩбеи ООН акоординатор, ПРООН ахаҭарнак Луиза Винтони, ООН ахәыҷтәы фонд акоординатор Гассан Халили, УВКБ ахаҭарнак Иоханнес ван дер Клаауи реиԥылара.