Инар Ладариеи Камила Ортега Мурильои еиԥылеит

Инар Ладариеи Камила Ортега Мурильои еиԥылеит
10 June 2022 390

Рашәара 9 азы имҩаԥысит Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчнагӡеи анапынҵа ҷыдақәеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариеи Ареспублика Никарагуа акреативтә економиказ Акомиссиа акоординатор хада Камила Ортега Мурильои реиԥылара.

Аганқәа алацәажәеит атәылақәа рыбжьара аинырреи аусеицуреи рԥеиԥшқәа, иазгәарҭеит агуманитартә усеицура, акультуратә еимадарақәа рырҭбаара ахәҭаны ишырыԥхьаӡо.

Аиԥылара мҩаԥысит традициала ишышьақәгылахьоу аиԥш – аилибакаареи аиҩызареи рҟазшьа аманы.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: