Ажәабжь ҿыцқәа
Жәлар ракзаара Амш аныҳәа инадҳәаланы, Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба адныҳәаларатә шәҟәы ишьҭит Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров иахь
3 November 2017 987
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны абҵара 2 рзы имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Кан Ҭаниеи Аахыҵ Кавказ азы Евроеидгыла Ахаҭарнак ҷыда иполитикатә бжьагаҩ Том Триери реиԥылара.
Жьҭаара 27 2017 рзы, Қырҭтәыла аиҳабыра реилатәараан Аԥыза-министр Георги Квирикашвили аҳәамҭа ҟаиҵеит Қырҭтәыла аиҳабыра гәҭакны ишрымоу аԥсуа бызшәа аҿиареи ахьчареи рзы апрограмма ҷыда аус адулара.
2017 шықәса жьҭаара 23 рзы Боливариантәи ареспублика Венесуелаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа, Паптәи анунциа Альдо Джиордано (Aldo Giordano) иҟаиҵаз анаԥхьарала, далахәын Боливариантәи Ареспублика Венесуела аккредитациа зманы иҟоу адипломатиатә миссиақәа рхадацәа реиҿцәажәара. Аиҿцәажәара мҩаԥысуан Ватикан Ацҳаражәҳәарҭаҿы.
2017 шықәса, жьҭаара 17 рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи Франциа Амилаҭтә еизара адепутат, Апартиа «Угыл, Франциа» ахада Николиа Диупон-Ениани еиԥылеит Франциа Амилаҭтә Еизаар ахыбраҿы.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адышшыларатә шәҟәы рзынарышьҭит аинрал Уалид Ҳамди Абаза Маршьан иуацәеи иҭынхацәеи.
12 October 2017 890
1999 шықәса жьҭаара 12 рзы Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аҟны ирыдыркылеит «Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымразы» Акт.