Ажәабжь ҿыцқәа

Жәабран 28 азы Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Шамбеи Ареспублика Никарагуа Иреиҳаӡоу алхратә хеилак ахантәаҩы Бренда Рочеи Иреиҳаӡоу алхратә хеилак амагистр Леонсо Наит Џьулиани еиԥылеит.
28 February 2025 6
Жәабран 27 азы Берлин ақалақь аҿы, аполитолог, аҵарауаҩ Александр Рар наԥхгара зиҭо Евразиатәи Аилазаара ааԥхьарала, Германиатәи Афедеративтә Республикаҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра ахаҭарнак Хьыбла Амиҷԥҳа аусмҩаԥгатә “Украина аҭынчра ашьақәыргыларазы алшарақәа – Трампи Путини рсаммит” лхы алалырхәит.
28 February 2025 92
Жәабран 28 азы имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәааи Китаи Жәлар Рреспублика иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳаҭыр зқәу аконсул Ге Чжилии реиԥылара.
Жәабран 28 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аусқәа Рминистрраҿы имҩаԥысит Адәныҟатәи аусқәа рминистр инапынҵақәа назыгӡо Сергеи Шамбеи анапынҵа ҷыдақәа рзы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ацҳаражәҳәаҩ Вито Гриттани реиԥылара. Аиԥылара ихы алаирхәит Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ Кан Ҭаниа.
Жәабран 26 азы, Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Заур Ӷәаџьаа, Венесуела аомбундсман Альфредо Руис иҟаиҵаз ааԥхьарала, Аусбарҭа аԥҵара 25 шықәса ахыҵра азгәаҭара ихы алаирхәит. Адипломатиатә корпус ахаҭарнакцәа Хосе "Чино" Канта ихьӡ зху Каракас иҟоу ауааԥсыра рҵареи рыԥсшьареи рзы Амилаҭтә Институт (Incret) аудиториаҿы имҩаԥысуаз аконцерт иаҭааит.
27 February 2025 72
Абри амш аҽны, 1919 шықәса жәабран ҩажәи быжьба рзы иҭыҵит аԥсуа бызшәалатәи агазеҭ «Аԥсны» актәи аномер, редакторс аԥсуа литература ашьаҭаркҩы Дырмит Иосиф-иԥа Гәлиа дызмаз.
Ареспублика Никарагуа атәылахьчара Аминистрра ааԥхьарала, Ареспублика Никарагуа иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатәии азинмчранагӡеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Инар Ладариа Никарагуа арбџьармчқәа ркомандаҟаҵаҩ хада Сезар Абилес Кастильо иҭоубашьҭаҵара ацеремониа далахәын.
Жәабран 21 азы Германиатәи Афедеративтә Республикаҿы иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ахаҭарнак Хьыбла Амҷба Берлин, Тиргартен апарк аҿы иҭахаз асоветтә еибашьцәа рмемориал амҵан ашәҭқәа рышьҭаҵара ацеремониа лхы алалырхәит.
Жәабран 20 азы, Боливариантәи Ареспублика Венесуела иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә зинмчы змоу Заур Ӷәаџьаа, Венесуела иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа аҷыдалкаатәи азинмчнагӡеи змоу ацҳаражәҳәаҩ Сергеи Мелик-Багдасарови Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа арратә атташе, аполковник Сергеи Надежкини рнаԥхьарала Аԥсадгьыл ахьчаҩ Имш иазкыз адкылара далахәын.
Жәабран 20 азы Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспубликаҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчы змоу ахаҭарнак Александр Ватаман, Приднестровие адәныҟатәи аусқәа рминистр иҟаиҵаз ааԥхьарала, ПМР адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҳасабырбатә коллегиа аилатәара ихы алаирхәит. Аусмҩаԥгатә онлаин аҟазшьала имҩаԥысит.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: