Адәныҟатәи Аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа IV Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа "Шамба иаԥхьарақәа» ихы алаирхәит

Адәныҟатәи Аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа IV Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа "Шамба иаԥхьарақәа» ихы алаирхәит
2 October 2026 1

Адәныҟатәи Аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одиссеи Бигәаа IV Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа "Шамба иаԥхьарақәа» ихы алаирхәит

Жьҭаарамза 1, 2026 шықәса рзы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы иналукааша ауаажәларра-политикатә усзуҩ, аҵарауаҩ-азиндырҩы, аиуристтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Тарас Мирон-иԥа Шамба игәалашәара иазкыз IV Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа «Шамба иаԥхьарақәа» мҩаԥысит.

Аконференциа атема – «Аԥсны ахьыԥшымра аилымшәареи Қырҭтәыла аҵакыратә ҭаххарақәа рыдымкылареи: Павел Ингороҟва имцу итеориеи уи аидеологиатә аналогқәеи ҭҵаарадыррала рҿаԥҽра».

Аконференциа аусура ихы алаирхәит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Одисеи Бигәаа.

Одиссеи Бигәаа иқәгылараҿы иазгәеиҭеит аҭоурыхтә гәалашәара аиқәырхареи, аполитика-зинтә аргументациа аҿиареи, Аԥсны адәныҟаполитикатә усуреи рҿы аҭҵаарадырратә еилазаара иааннакыло аҭыԥ.

Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан еиуеиԥшым ахыҵхырҭақәа шьаҭас иҟаҵаны Аԥсны аҭоурых обиективла, комплексла аҭҵаара шхымԥадатәиу.

"Ҳара ҳазнеишьа аполитизациа зызуу концепциак даҽа концепциак аҿаргылара акәӡам, ахыҵхырҭақәа системала рыҭҵаара ауп. Археологиа, алингвистика, аҩыратә ршаҳаҭгақәа, антропологиа, адемографиатә дыррақәа еимадарала ирыхәаԥшлатәуп»,–ҳәа азгәеиҭеит аминистр ихаҭыԥуаҩ.

«Аҭоурых аполитикатә еиҿагылара мыруганы акәымкәа иршаҳаҭгазароуп», – иҳәеит иара.

Одиссеи Бигәаа иқәгылараан иара убасгьы дырзааҭгылеит Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа, ашәарҭадареи амч ахамырхәареи рызҵаарақәа, ара убас Гал араион аҿы иҟалаз ахҭысқәа раԥырҟәҟәаареи рызхьаԥшреи рзы Амеханизм (МПРИ) аусура аиҭашьақәыргылара шхымԥадатәиу.

"Аԥсны азы Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа (МӠ) аиҿцәажәаратә плошьадка адагьы жәларбжьаратәи адипломатиатә аргументациа иақәыԥшылароуп. Араҟа аҳәамҭақәа рыдагьы жәларбжьаратәи аполитика-зинтә ҵакыра иахәҭакхо адокументқәеи, афактқәеи, азгәаҭақәеи акыр рыҵаркуеит», ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит иара.

Хазы ахшыҩзышьҭра аҭан аҭҵаарадырратә дипломатиа аҿиареи аҭҵаарадырратә усбарҭақәеи Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи реинырра арӷәӷәареи.

"Иахьа Аҟәа иҭырҵаауа, жәларбжьаратәи аплошьадкақәа рҿы Аԥсны апрофессионалтә аргументациа иахәҭакхароуп", ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Одиссеи Бигәаа.

Иқәгылара ахыркәшамҭаз аминистр ихаҭыԥуаҩ иазгәеиҭеит Аԥсны аҭоурых азҵаара хадақәа рзы иаку аҭҵаарадырра-документалтә база ашьақәыргылара, аҭҵаарадырратә усбарҭақәеи адәныҟаполитикатә усбарҭеи рыбжьара аинырра арӷәӷәара, иара убас аҭҵааҩцәеи адипломатцәеи рабиԥара ҿыц разыҟаҵара шхымԥадатәиу.

«Уброуп сара иахьызбо «Шамба иаԥхьарақәа» акрызҵазкуа рхықәкқәа ируаку — аҵарауаҩ ду игәалашәара аҳаҭырра адагьы, иааиԥмырҟьаӡакәа аус зуа ҭҵаарадырратә плошьадканы аҟазаара, уи алҵшәақәа Аԥсны аизҳазыӷьаразы аус рур рылшоит – Аҟәа, Женева уҳәа жәларбжьаратәи аплошьадкақәа рҿгьы", ҳәа азгәеиҭеит Одиссеи Бигәаа.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: