Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Алиас Аиба Ареспублика Никарагуа Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иван Лара диԥылеит

Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Алиас Аиба Ареспублика Никарагуа Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иван Лара диԥылеит
11 September 2026 84
Цәыббрамза 10, 2026 шықәса рзы Ареспублика Никарагуа Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы Ареспублика Никарагуа иҟоу аҷыдалкаатә Зинмчы змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Алиас Аибеи Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ-ацҳаражәҳәаҩ Наур Хышбеи Ареспублика Никарагуа Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иван Лареи реиԥылара мҩаԥысит.

Аиԥылараан имҩаԥысит ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рактуалтә зҵаарақәеи, иара убас аԥсны-никарагуатә еинырра ԥхьаҟатәи аҿиара аԥеиԥшқәеи рзы агәаанагарақәа реимдара.

Алиас Аиба Иван Лара ииҭеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Адныҳәаларатә нота - Аԥсны Аҳәынҭқарреи Ареспублика Никарагуеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәгылеижьҭеи 17 шықәса аҵра инамаданы.
X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: