Аекономикеи ааглыхреи рминистрреи, жәларбжьаратәи ацәыргақәҵақәеи аџьырмыкьақәеи Русбарҭеи рааԥхьарала Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра аҷыдалкаатә зинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али 63-тәи Дамастәи Жәларбжьаратәи аџьармыкьа аусмҩаԥгатәқәа рыпрограмма аӡыргара иазкыз аофициалтә пресс-конференциа ихы алаирхәит.
63-тәи Жәларбжьаратәи Дамастәи аџьармыкьа мҩаԥгахоит Шьамтәылатәи Арабтә Республика ахада Аҳмад Аль-Шараа ихылаԥшрала 2026 шықәса нанҳәа 26 инаркны цәыббра 4 рҟынӡа, алозунг «Шьамтәыла ҩаԥхьа икаҷҷоит» иаҵагыланы.
Жәларбжьаратәи Дамастәи аџьармыкьа аҭыԥантәи жәларбжьаратәи аилахәырақәа еидызкыло хәаахәҭра-економикатә платформа хадоуп. Акыр шықәса уи аинвестициатә лшарақәа рырҭбаара иацхраауеит, аекономика еиуеиԥшым асекторқәа рыбжьара аусеицуреи апартниорреи рзы аԥеиԥш ҿыцқәа аанартуеит.