Каракас ақалақь аҿы асовет еибашьцәа Реихстаг Аиааира Абираҟ шахадыргылоз аазырԥшуа аскульптуратә композициа ашьақәыргылара хыркәшоуп

Каракас ақалақь аҿы асовет еибашьцәа Реихстаг  Аиааира Абираҟ шахадыргылоз аазырԥшуа аскульптуратә композициа ашьақәыргылара хыркәшоуп
9 May 2025 49

Каракас ақалақь аҿы асовет еибашьцәа Реихстаг Аиааира Абираҟ шахадыргылоз аазырԥшуа аскульптуратә композициа ашьақәыргылара хыркәшоуп. 

Абаҟа ақалақь агәҭаҿы иаԥҵахо афашизм Аиааира ашҭаҿы идыргылеит, аамҭа кьаҿ иалагӡаны уи аартхараны иҟоуп.

Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡаҿы Аиааира, анацисттә Германиа аиааира абаҟа, Каракас ақалақь аҿы аргылара Венесуела Ахада Николас Мадуро иӡбамҭоуп.

Уи аԥхьа, Урыстәыла анҭыҵ иреиҳау Аиааира абираҟ, 25-11 метрԥшьыркца зышәагаа ыҟоу, Венесуела аҳҭнықалақь иахагылоу ашьха Гуараира Репано иреиҳау аҭыԥ аҿы ишьҭыхын.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: