Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Ахсар Џьиоев Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡаҿы Аиааира агара Амш идиныҳәалеит

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Ахсар Џьиоев Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡаҿы Аиааира агара Амш идиныҳәалеит
9 May 2026 33

Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Ахсар Џьиоев Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡаҿы Аиааира агара Амш идиныҳәалеит.

Адныҳәалараҿы иазгәаҭоуп:

"Лаҵарамза 9 ҳажәларқәа рзы иҷыдоу, инарҵауланы ихаҭалатәу ашәага-зага шьҭнахуеит. Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа афронтқәа рҿы аԥсуааи ауаԥсааи асовет жәларқәа зегьы рхаҭарнакцәа ирывагыланы еибашьуан, ацәыӡқәа рыхьанҭарагьы аиааира адурагьы рыцеиҩыршон.

Иахьа ҳара ҳаҭыр рықәаҳҵоит ауаҩытәыҩсатә ԥышәара дуқәа ирхысыз, зхылҵшьҭрақәа рхы иақәиҭны рыԥсҭазаара ҟаларцазы фырхаҵарыла аиааира аазгаз афырхацәа ԥсра зқәым ргәалашәара».

Олег Барцыц Ахсар Џьиоеви Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аколлективи ирзеиӷьеишьеит аҭынчра, аизҳазыӷьара, аԥеиԥш бзиа.

X

Форма обратной связи

ФИО:
E-MAIL:
Телефон:
Ваше сообщение: